Аветеранцәа рганахьала азакәандара аарҧшра, ауаажәларреи аполитикатә еиҿкаарақәеи Аҧсны дарбанызаалак атәылауаҩ иганахьала, еиҳарак Ҳхақәиҭра ҳзаазгаз аветеранцәа ас еиҧш рызнеишьа ахәҭмзаара азы ргәаанагара агәхьаамкра, ҳҳәынҭқарра аидеологиатә шьаҭеи ахырхарҭақәеи ҵнаршәшәаауеит, уи ҧхьаҟатәи ҳҧеиҧш иҵоурам анырра анаҭоит.
Абри зегьы иааизакны Аҧсны атәылауаа аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рахь ирымоу агәрагареи аҳаҭыри рыҵшәаареи, иара убас атәыла аҩныҵҟа ауаажәлара-политикатә ҭагылазаашьа адестабилизациеи рахь ицәырнагоит.
Аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара, уи азинтә ҳәаақәа рҭагӡареи алзыршоны иҟоу акызаҵәык ауп – аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар иамхреи, ииашаны аинцидент аилыргареи.
Аҳәынҭқарра Ахада аринахысгьы азакәанреи аиашареи рызҵаарақәа ракәымкәа ихатәы аполитикатә еиқәшаҳаҭрақәеи аилаӡарақәеи аҧхьа иргыло далагар, ҳаҧхьаҟагьы атәыла аҩныҵҟа аполитикатә ҭагылазаашьа аибарххара зцу ауснагӡатәқәа наигӡалар, усҟан аҭагылазаашьа ауадаҩхара азы аҭакҧхықәра зегьы иара иқәшәоит. Аҭакҧхықәра зду атәыла ауаажәларра-политикатә мчрақәа зегьы рахь апарламенттә алхрақәа раламҭалазы Аҧсны аинтересқәеи ҧхьаҟатәи аҧеиҧши рыхьчаразы аидгылареи акзаареи аадырҧшырц азы ааҧхьара ҟаҳҵоит».
Аҳәынҭқарра Ахада иахь аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгаразы ицеит Витали Габниа, Ҭемыр Гәлиа, Валери Маан, Зураб Кокаиа.
Аҧсны адраматә театр аҿаҧхьа еизаз ауаа еимпӡом, урҭ Аҳәынҭқарра Ахада иҿцәажәара алҵшәақәа ирзыҧшуеит