Жьҭаарамза 18, 2021 шықәсазы Аҧсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа аӡбаратә коллегиа, цәыббрамза 30, 2021 шықәса рзы иҟалаз ахҭысқәа рзы Апрокуратура Хада аусдгалара иахәаҧшны адепутат Гарри Кокаиа ихымҩаҧгашьа аҿы Аҧсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 207 ахәҭа 1 (Амбжьахра, абџьар ахархәарала ауаажәларратә ҭышәынтәалара аилагара), иара убас ахәҭаҷ 321 ахәҭа 1 (Амчра ахаҭарнак ихьӡ аларҟәра, ишакум изныҟәара) инарықәыршәаны, ацәгьоура аҟазшьақәа аныҧшуеит ҳәа аӡбамҭа аднакылеит. Алмасхан Арӡынба ихымҩаҧгашьа аҿы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 207, ахәҭа 1 (Амбжьахра), ахәҭаҷ 217, ахәҭа 1 (иҭҟьо абџьар изакәанымкәа аахәара, аҵәахра, аныҟәгара) инақәыршәаны убасҵәҟьа ацәгьоура аҟазшьақәа аныҧшуеит ҳәа ишьақәнарӷәӷәеит.
Аусеилыргара-процессуалтә закәанеидкыла инақәыршәаны, аус акассациатә еилыргара хацыркызароуп акассациатә инстанциа аӡбарҭа ахь ашшабӷьыцқәа аннеи инаркны 30 усуратә мшы ирхымгакәа.