Поиск по слову

Календарь

« Абҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30  

ҬҞӘАРЧАЛ АРАИОН АҾЫ АЦӘГЬОУРАҚӘА РХЫԤХЬАӠАРА АИЗҲАРА АЗГӘАҬОУП.

Ашәахьа, 08 Абҵара 2021 14:17 532

Аҟәа. Абҵарамза 8, 2021 шықәса. Аҧсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ҭҟәарчал араион актив алархәны анҭыҵтәи аилатәара мҩаҧигеит. Иалацәажәеит ҳазҭоу ашықәс жәымз рыла араион аҿы акриминогентә ҭагылазаашьа. Уи азы адыррақәа ҟаиҵеит араион аҩныҵҟатәи аусқәа Рыҟәша аиҳабы Арсен Биджев. Уи иажәақәа рыла, ашәҟәы иҭагалахеит ашьаустә ҟазшьа змоу 23 цәгьоура. Урҭ рахьынтә иаартуп 16.  Иҳаҩсыз ашықәс аиҧш-зеиҧшу аамҭахәҭа азы ишьақәыргылан ацәгьоурақәа 10, иаартуп 4. Араион аҿы ихьанҭоу ацәгьоурақәа рхыҧхьаӡара аизҳара шыҟоу азгәаҭоуп. «Ари аамҭа иалагӡаны ихьанҭоу ацәгьоурақәа 10 ҟалеит, урҭ рахьынтә иаартуп 7», - ҳәа иҳәеит Арсен Биджев. Уи иара убас ишазгәеиҭаз ала, иахьатәи амш азы аҧсшьаҩцәа рганахьала цәгьоуракгьы ыҟаӡам, акурорттә сезон  ҭышәынтәаланы имҩаҧысит ҳәа уҳәаратәы иҟоуп.

Ҭҟәарчал араион аҿы ҳазҭоу ашықәс 9-мыз рыла иаарҧшуп 1352 амҩатә ныҟәара аҧҟарақәа реилагарақәа: 91- ҩык ижәны амашьына аҧсҟы акра азы ахараҧса ашәара рыдҵоуп. Иаагозар, иҳаҩсыз ашықәс аиҧш-зеиҧшу аамҭахәҭа азы зынӡа 255 зинеилагара аарҧын. «Ауаа ахараҧсақәа ршәаӡом, убри аҟнытә урҭ еизоит. Сынтәа 40 - ҩык инарзынаҧшуа аныҟәцаратә зин аршаҳаҭгақәа рымхын», - ҳәа иҳәеит Арсен Биджев. Иара убас Ҭҟәарчал араион аҿы иаарҧшын изакәанымкәа анаркотикатә маҭәашьарқәа реикәыршара иадҳәалоу афактқәа 10, уи 2020 шықәсазтәи арбагақәа раасҭа ҩынтә еиҳахеит.

 

 

Last modified on Аԥшьаша, 11 Абҵара 2021 19:35