Аслан Бжьаниа ареспублика иацхраауца жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа аус рыцура дшазхиоу иҳәеит. «Ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аҩныҵҟа Шәара иҟашәҵо акраҵанакуеит, ҳара уи ахә ҳаракны иаҳшьоит. Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит хыҧхьаӡара рацәала ауаа ирышәҭо ацхыраара азы»,- ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа. Аҳәынҭқарра Ахада иара убас иазгәеиҭеит атәылаҟны акоронавирустә ҿкы чымазара аҿагылара иамоу аҵакы. «Ҳара иҭабуп ҳәа ахҳәааны иҳадаҳкылоит жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рҟынтәи ахәшәқәеи амедицинатә маругақәеи аныхтә материалқәеи рганахьала иҟаҵахо ацхыраара. Жәларбжьаратәи ауаажәларрақәеи аиҿкаарақәеи аус рыцура иацаҳҵар ҳҭахуп. Ҳара адунеи аҟны Аҧсны аӡбахә раҳалароуп ҳәа иҳаҧхьаӡоит», -ҳәа иҳәеит иара.
Аиҧылараан Аҳәынҭқарра Ахада асасцәа рахь Аҧсны иҟоу ижәытәӡатәиу аиашахаҵаратә ҧшьаҭыҧ – Бедиатәи аныхабаа аиҭашьақәыргылараҟны ацхыраара азы аҳәара ҟаиҵеит .
Аҳәынҭқарра Ахада далацәажәеит иара убас Аҧсни Қырҭтәылеи реизыҟазаашьа атемагьы. Инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҧсны еигәылацәоу аҩ-тәылак рыбжьара ацивилизациатә ҟазшьа змоу аизыҟазаашьақәа ишрыдгыло, аха уи шалыршахо Қырҭтәыла Аҧсны ахьыҧшымреиаҳәынҭқарратә суверенитети аназханаҵа ашьҭахь. «Ари азҵаара есқьынгьы аҧхьа игылоуп», -ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Аиҧылара иара убас иалахәын Аҧсны Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Иракли Ҭыжәба.