Поиск по слову

Календарь

« Жьҭаара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
  1 2 3 4 5 6
7 8 9 10 11 12 13
14 15 16 17 18 19 20
21 22 23 24 25 26 27
28 29 30 31      

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АСЛАН БЖЬАНИА АҞӘА АҚАЛАҚЬ АГӘЫ ИАЛСНЫ ИЦО АМҨАДУҚӘА ХԤА РҾЫ АИҬАШЬАҚӘЫРГЫЛАРАТӘ УСУРАҚӘА РЫМҨАԤЫСШЬА ГӘЕИҬЕИТ.

Аԥшьаша, 25 Абҵара 2021 14:19 715

Аҟәа. Абҵарамза 25, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҟәа ақалақь иалсны ицо амҩадуқәа хԥа- Џьонуа, Гәлиа, Абазаа рыҩадуқәа рҿы имҩаԥысуа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рцашьа гәеиҭеит. Урҭ Аинвестициатә Прогрмма аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит.

Аҳҭнықалақь аҟны арҽеиратә усурақәа ргәаҭараан Аслан Бжьаниа дрыхәаԥшит Аинвестпрограммала имҩаԥысуа Аҟәа амҩақәа Џьонуа, Гәлиа, Абазақәа рыҟны ахыркәшарахь инеиуа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа. Ақалақь ахада Беслан Ешба иажәақәа рыла, аусрақәа мҩаԥысуеит 686 метр ирҭагӡаны, абиуџьет амҽхак иартәоит 38 млн мааҭ. Ҳазҭагылоу аамҭазы амҩақәа акаҭран рықәҵара иаҿуп, урҭ амшқәа бзиахар, ԥхынҷкәынмза азбжазы ихыркәшахоит. 

Анаҩс Аҳәынҭқарра Ахада даҭааит Гәлиа имҩа. Ара аусурақәа мҩаԥысуеит Сахаров имҩаҟнытә иааиуа амҩеихда инаркны аџьармыкьа хада аҟынӡа – 1200 метра рҟынӡа зҵазкуа амҩаҿы. Арҽеиратә усурақәа рбиуџьет иартәоит 48 млн мааҭ. 

Аҳәынҭқарра Ахада аҳҭнықалақь анапхгаҩы аусурақәа ашықәс ҿыц аҟынӡа рхыркәшара залыршахома ҳәа азҵаара ииҭаз аҭак ҟаҵо, Беслан Ешба Аҳәынҭқарра Ахада агәра ииргеит уанӡа ишхыркәшахо азы.

1360 метра аура змоу амҩаҟны аусурақәа рбиуџьет иартәоит 66 млн мааҭ. Беслан Ешба иазгәеиҭеит ари амҩаҟны аусурақәа зегь раасҭа ишыуадаҩыз, аимадарақәа ирыдҳәалаз апроблемақәа аибашьра ҟалаанӡагьы ишыҟаз, аха убас ишакәугьы, арҽеиратә усурақәа рхыркәшара анаҩс ари амҩаҟны инхо ауаа уадаҩра шырмоуа.   

Аусуратә ныҟәара аихшьалақәа рыла аҳәынҭқарра Ахада Аҟәа ақалақь Администрациа аҟны аилацәажәара мҩаԥигеит. Араҟа 10-мыз рыҩныҵҟатәи аусуразы аҳасабырба ҟаҵо, дықәгылеит аҳҭнықалақь анапхгаҩы Беслан Ешба.

 

 

Last modified on Ашәахьа, 29 Абҵара 2021 19:36