Зынӡа ақыҭа ари аганахьала инхоит 12 ҭаацәара. Амшцәгьақәа раан аӡы хыҵуеит, уаагьы ақалақь ахь изымцо- изымаауа иаанхоит.
Алхас Ҷыҭанаа иажәақәа рыла, Ӡыгәҭа ақыҭа аҿы 2018 шықәсазы иҟаз амшцәақәа ирыхҟьаны ари ацҳа еилыбгахьан. Иахьатәи амш азы ашьаҟақәа шьақәыргылоуп аҟәарахьчаратә усурақәа мҩаԥысуеит.
Аслан Бжьаниа ақыҭаԥҳәыск длыҿцәажәеит.
Уи агәыӷра аалырԥшит ари ацҳа аамҭа кьаҿ иалагӡаны ишышьақәыргылахо азы, избан акәзар уи аҟамзаара акыр ауадаҩрақәа рызцәырнагоит ари ақыҭа ауааԥсыра.
Уи иара убас хыхь еиҳа еиҵоу ацҳагьы шыҟоу, уигьы аиҭашьақәыргылара шаҭаху азгәалҭеит.
Араион ахада иажәақәа рыла, аҩбатәи ацҳа аиҭашьақәыргылара аҩбатәи аетап ала амҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп. Автомашьынатә цҳа аргылара - аԥхьа иҟаҵатәу, акырӡа ихадоу хыдҵаны иҟоуп, ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Аҳәынҭқарра Ахада 2022 шықәса анҵәамҭанӡа аҩбатәи ацҳагьы еиҭашьақәыргылахоит ҳәа иазгәеиҭеит.
Маҷ-маҷ, шьаҿа-шьаҿала шәыпроблемақәа рыӡбара алыршахоит», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьанаиа.
Иара убас Аҳәынҭқарра Ахада Баслаҭа ақыҭагьы даҭааит. Араҟа Аинвестициатә Программа аҳәаақәа ирҭагӡаны Адыгеиантәи хатәгәаԥхарала иааны Аԥсны еибашьуаз Адам Хәуаде ихьӡ зху амҩаду аҿы километрак инарзынаԥшуа акаҭран шьҭарҵеит. Зынӡа ари амҩала игылоуп 50 ҩны. Ахарџьынҵа ала аусурақәа рыхәԥса - 4,9 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит, уи акорректировка иахысрангьы иҟоуп.