Аҟәа. Абҵарамза 17, 2021 шықәса. Аҧсныпресс. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи Женеватәи адискуссиақәа рыцхынтәаҩы, 2018 шықәса раахыс Жәларбжьаратәи Женеватәи адискуссиақәа рыҟны Европатәи Атәылақәа Реидгыла (ЕАР) ахаҭарнакс иҟоу Аише Џьихан Сулҭаноглу дидикылеит.
Аиҧылара далахәын адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба.
Џьихан Сулҭаноглу Аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа иалҳәеит аиҧыларазы, иагьазгәалҭеит ҧхынҷкәынмза 7-8 рзы имҩаҧысраны иҟоу Жәларбжьаратәи Женеватәи адискуссиақәа 55-тәи рраунд аламҭалазы излацәажәатәу азҵаарақәа жәпакы шыҟоу.
Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи Женеватәи адискусиақәа Аахыҵ Уаҧстәыла 2008 шықәса нанҳәамзазы иҟаз ахҭысқәа рышьҭахь иалыршаз аиқәшаҳаҭрала 2008 шықәса жьҭаарамза инаркны имҩаҧысуеит.
Ҳазҭоу аамҭазы ари аҭыҧ заҵәык аҟноуп Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара адиалог ахьымҩаҧысуа.
Адискуссиақәа бжьаҟазаҩцәас ирылахәуп Урыстәыла, Европатәи Атәылақәа Реидгыла (ЕАР), Европатәи Атәылақәа Ршәарҭадара Ахеилак (ЕАРА), Европатәи атәылақәа Реидгыла ахаҭарнакцәа.