Аҳәынҭқарратә наплакы «Аҧсны аҟәара ахьчара» ацҳа аиҭашьақәыргылара азы ахарџьынҵа еиқәнаршәеит. Уи иартәеит 5 млн.мааҭ.
«Аӡиас лассы-лассы ихыҵуеит, ааигәа-сигәа инхо ауаагьы аҧхасҭа рынаҭоит», - ҳәа иҳәеит Аслан Бараҭелиа.
Аҟәа. Абҵарамза 18, 2021 шықәса. Аҧсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Гәылрыҧшь араионҟа иусуратә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны Допуаарқыҭ (ҧыхьатәи Естонка ақыҭа) аҿы Кәыдры Маҷ иху ацҳа гәеиҭеит. Уи нанҳәамза 2021 шықәсазы иҟалаз аӡхыҵра иахҟьаны еилыбгеит.
Гәылрыҧшь араион ахада Аслан Бараҭелиа Аҳәынҭқарра Ахада хышықәса раҧхьагьы ари аӡиас аӡымҩа ҭрыцқьаан ҳәа адырра ииҭеит. Ацҳагьы изныкымкәа арӷәӷәара мҩаҧысхьеит.
Ақәыршыҩқәа рышьҭахь ақыҭа анхаҩык аӡиас аамҭалатәи ацҳа ахҵара аҿы ацхыраара ҟаиҵеит.