Уи рхы аладырхәит Лаҭынтәи Америка, Азиеи Азиат-Океанҭынчтәи арегиони рдепартамент анапхгаҩы, Мадина Зухба, адепартамент ареферент еиҳабы Инар Ладариа, иара убас Ареспублика Аҧсны иҟоу Ареспублика Никарагуа Ҳаҭыр зқәу Ацҳаражәҳәаҩ Алиас Ҳашба.
Даур Ақаҩба гәык-ҧсыкала ацәаражәҳәаҩ аҧсшәа иаҳәо Никарагуа ажәлари Аҧсны ажәлари зхы иақәиҭу ихьыҧшым аҳәынҭқарра аргыларазы ргәазыҳәара ацхыраара иаҵоу аҵакы ахадара ҷыдала иазгәеиҭеит.
“Ҳара ари амш, ҳҭоурых аҿы акырӡа зҵазкуаз аамҭахәҭа азы иҳауз аиҩызаратә дгылара ҳхашҭраны ҳаҟаӡам”, - ҳәа иҳәеит иара.
Альба Асусена Торрес Мехиа аҧснытәи лколлегацәа никарагуатәи ажәлар зегьы ахьӡала аҧсшәа ралҳәеит, аҩ-республикак рыбжьара аринахысгьы хра злоу аусеицуреи аиҩызареи ишрыцҵахо азы агәыҕра шлымоу азгәалҭеит.