Поиск по слову

Календарь

« Жьҭаара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
  1 2 3 4 5 6
7 8 9 10 11 12 13
14 15 16 17 18 19 20
21 22 23 24 25 26 27
28 29 30 31      

АСЛАН БЖЬАНИА КРАСНОДАРТӘИ АТӘЫЛАҾАЦӘ АҞЫНТӘИ АКАЗАКЦӘА ИДИКЫЛЕИТ.

Ахәаша, 19 Абҵара 2021 11:55 153

Аҟәа. Абҵарамза 19, 2021 шықәса. Аҧсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа  аказакцәа рыр атаман Алеқсандр Власов напхгара ззиуаз Краснодартәи атәылаҿацә аделегациа идикылеит.

Аҳәынҭқарра Ахада асасцәа аҧсшәа раҳәо, Аҧсны Краснодартәи атәылаҿацә ҷыдала ҳаҭырқәҵарала ишазыҟоу иазгәеиҭеит.

«Ҳара ҳаизыҟазаашьақәа акыр шықәса раахыс аиҩызаратә ҟазшьа рымоуп. Аҧсны жәлар ҳаҭырла иргәаладыршәоит Аҧсны аамҭа хьанҭақәа ианырҭагылаз аказакцәа рлагамҭа, урҭ рфырхаҵара атәы», - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Алеқсандр Власов аҭак ҟаҵо ҟәбантәи аказакцәа аҧхьаҟагьы арҭ аизыҟазаашьақәа рыцҵара ишазхиоу, Аҧсны жәлар Ҟәбантәи аказакцәа рыр аҟнытә есқьынгьы ацхырара ишақәгәыӷлаша иҳәеит.

Уи иара убас иҳәеит Аҧсны ишыҟоу аказакцәа рыҟәша, уи аҿиарагьы шазҧхьагәаҭоу. «Раҧхьа иргыланы, ҳара ари аҟәша иара аҭыҧаҟны аҳәынҭқарратәи амуниципалтәи мчхара адгылара  рынаҭалар ҳҭахуп. Ҳара излаҳдыруа ала, аказакцәа сынтәа аҧсабаратә рыцҳарақәа раан аҧхасҭа аҧыхраҟны ацхыраара ҟарҵеит. Ҳара  Краснодартәи атәылаҿацә аҟны аҧснытәи аказакцәа рхәыҷқәа рыдкылара ҳазхиоуп. Ҳара аепидемиологиатә ҭагылазаашьа  ҳасаб азуны  ҽаантәи ҳапрограмма наҳагӡоит. Ҳара аусеицура, аиҩызара, аицхыраара роуп гәҭакыс иҳамоу», - ҳәа иҳәеит Алеқсандр Власов.

Аҳәынҭқарра Ахада ахәыҷқәа алеишәа, апатриотизм рылааӡра иамоу аҵакы ҷыдала иазгәеиҭеит. «Ҳара гәахәарыла арҭ апрограммақәа ҳхәыҷқәагьы алаҳгалалоит», - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Аиҧылараҿы ирылацәажәеит иара убас егьырҭ азҵаарақәа жәпакы.

Аиҧылара ахыркәшамҭаз аганқәа агәаларшәагатә ҳамҭақәа еимырдеит.

 

 

Last modified on Ашәахьа, 03 Ажьырныҳәа 2022 20:41