2021 шықәса инаркны ауааҧсыра рзы атауарқәеи зыхә шәатәу амаҵзурақәеи ахархәаратә хәыҧсақәеи рдырреизактә индекс 107,5% рҟынӡа инаӡеит, афатә аалыҵқәа рзы – 107,2%, ааглыхратә тауарқәа – 109,6%, ауааҧсыра рзы зыхә шәатәу амаҵзурақәа – 106,9% уахь иналаҵаны.
Атауарқәеи ауааҧсыра рзы зыхә шәатәу амаҵзурақәеи ахархәаратә хәыҧсақәа рдырреизактә индекс жьҭаарамза 2021 шықәсазы жьҭаарамза 2020 шықәса иаҿырҧшны уахәаҧшуазар – 108,2% рҟынӡа инаӡеит, афатә аалыҵқәа – 108,7%, ааглыхратә тауарқәа – 110,7%, ауааҧсыра рзы зыхә шәатәу амаҵзурақәа – 107,1% уахь иналаҵаны.