Алеқсандр Анқәаб иажәақәа рыла, ахыбра аиҭашьақәыргылареи аҩныҵҟа уи аиқәыршәареи амузеитә ус ҳаамҭазтәи анормақәа ирықәшәозароуп.
Н.А.Лакоба иҭоурых-мемориалтә музеи аҧҵан 1982 шықәсазы. 1983 шықәсазы аҧснытәи Анапхгара ахада диижьҭеи 90 - шықәса аҵра инамаданы аҭааҩцәа рзы иаартын. Амузеи нанҳәамза 1992 шықәсанӡа аус ауан.
1992-1993 шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра аан амузеи ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рыла иблын, аекспонатқәа реиҳарак ықәхын. Амузеи архив 80% рҟынӡа (афотосахьақәа, адокументқәа, ашәҟәқәа, асаламшәҟәқәа, уҳәа) Аҧснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҿы аиқәырхара алыршахеит. Ԥхынҷкәынмза 28, 2016 шықәсазы аминистрцәа Реилазаара аҿы Аҳәынҭқарратә усбарҭа «Н.А.Лакоба иҭоурых-мемориалтә музеи» аҧҵара азы Ақәҵара рыдыркылеит.