Амаҵуратә зинмчқәа рырмыцхәра, азанааҭ азҟазамра, иара убас аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа русзуҩцәа рхьырхәрадара иахылҿиааз акакәны иҟалеит абҵарамза 16, 2021 шықәса рзы Гагра ақалақь ацәгьоура аҽазыҟаҵара мҩаҧысуазшәа адырра зауз ашьаусҧшааратә ҟәша аусзуҩцәа рыла раанкылара аҽазышәараан атәылауаҩ А.Кетиа ишьреи О.Ҳагәышь ихәреи ирыдҳәалоу ахҭыс. Ихымҧадатәны иазгәаҭатәуп ҳәа иҳаҧхьаӡоит, аибашьрашьҭахьтәи аамҭахәҭа зегьы иалагӡаны амилициа аусзуҩцәа рыла ацәгьоуразы игәҩароу раанкылараан знык иадамзаргьы гәҭакыла ашьра иадҳәалоу афакт шыҟамлац.
Даара агәҭынчымра узцәырнагоит Аконституциеи азакәанқәеи рықәныҟәара ахылаҧшра аҭареи, атәылауаҩ изинқәеи ихақәиҭреи рыхьчареи, ауаажәларреи аҳәынҭқарреи ринтересқәа реиқәыршәареи афункциа хаданы измоу Апрокуратура Хада аганахьала уи изеиҧшразаалак ақәҿыҭра ахьыҟамлаз».
Апартиа «Аҧсны Жәлар ракзаара Афорум» ахантәаҩы Аслан Барцыц атәыла аҿы имҩаҧысуа апроцессқәа рзы агәынамӡара ааирҧшит.
«Арҭ апроблемақәа зегьы акыр шықәса раахыс иҳашьҭоуп. Аҳәынҭқарра иахагылоу аҿыц напхгара зеиӷьаҟам ала арҭ апроблемақәа рзы адыррагьы аман, аоппозициа аҿы ианыҟаз изныкымкәагьы иалацәажәахьан, уимоу, убри аан ауснагӡатәқәа рыплангьы адгаларагьы мҩаҧнагон. Иахьа, амчра анапаҿы иҟоуижьҭеи абар шьҭа ҩышықәса ҵхьеит, аха уеизгьы аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы аума, амчратә блок аҿы аума аиҭакрақәа раҳасабала акгьы мҩаҧганы иаабом. Иахьа имҩаҧысуа ахҭысқәа аӡәгьы игәы иаахәо иҟам», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аслан Барцыц.
Аибашьра аветеран Вианор Ашба амилициа аусзуҩцәа рыла аветеранцәа рыҧҟара афакт аганахьала ӷәӷәала агәынамӡара ааирҧшит. Уи Аҧсны иатәылауаам анхарҭаҭыҧқәа раархәара, ауааҧсыра фамцалашарала реиқәыршәара аганахьала ӷәӷәала аиҧҟарақәа рыҟазаара азҵаара иӡбамкәа иахьҟоу, иара убас аибашьра аветеранцәа социалла рыхьчара ахьалыршам азы агәҭынчымареи агәынамӡареи ааирҧшит.