(АП) АБҴАРАМЗА 26 РЗЫ АԤСНЫ ИАЗГӘАРҬОИТ АКОНСТИТУЦИА АМШ.
Абҵарамза 26,1994 шықәса рзы Аҧсны иазгәарҭоит Аконституциа Амшныҳәа. Ари амш аҽны Ареспублика Аҧсны Иреиҳаӡоу Ахеилак исуверентәу, идемократиатәу, азинтә ҳәынҭқарра Аҧсны Аконституциа аднакылеит.
Ари амш аҽны Аҧсны Иреиҳаӡоу азакәанҧҵаратә усбарҭа адепутатцәа Аҧсны Актәи Ахада – Владислав Арӡынба далырхит. Уи уаанӡа атәыла Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩыс дыҟан.
Аҧсны Аконституциа адкылара мҩаҧысуан иуадаҩыз аибашьрашьҭахьтәи аамҭазы. Усҟан ареспублика аекономикатә блокада иҭакын, ареспублика жәларбжьаратәи аилазаара аганахьала ӷәӷәала ақәыӷәӷәара аман.
Аконституциа иарбоуп Аҧсны аҵакыра акзаара, алакьымсра, аҳәынҭқарра азакәанҧҵаратәи анагӡаратәи аӡбаратәи амчрақәа реихшара алаҳәоуп, ауаҩы ихақәиҭреи изинқәеи рыхьчара шьақәыргылоуп.
Жьҭаарамза 3, 1999 шықәса рзы ажәларзегьтәи ареферендум аҿы Аҧсны атәылауаа реиҳараҩык атәыла азакәан хада актәи ахәҭаҷ иақәшаҳаҭхеит. Уи инақәыршәаны, «Ареспублика Аҧсны –, ажәлар ихьыҧшым рҭахра азы азин ала ҭоурыхла ишьақәгылаз исуверентәу, идемократиатәу азинтә ҳәынҭқарроуп.
Ареферендум алҵшәақәа рыла жьҭаарамза 12, 1999 шықәса рзы Апарламент Ареспублика Аҧсны Аҳәынҭқарратә Хьыҧшымра азы Акт аднакылеит. Аконституциа Амш аныҳәатә ҧсшьарамны иҟоуп.
Ареспублика Аҧсны Аконституциатә Ӡбарҭа аҧҵара мшаҧымза 30, 2014 шықәсазы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа иалагалаз аиҭакрақәа рыла ишьқәыргылоуп.
2016 шықәсазы «Аӡбаратә мчра азы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә Закәан ала Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбарҭа аҧҵан. Аӡбарҭа аилазаараҿы иҟоуп 15 шықәса ҳәа иалырхуа 5-ҩык аӡбаҩцәа.
Абҵарамза 22, 2016 шықәсазы Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент аилатәара аҿы адепутатцәа Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә Ӡбарҭа аӡбаҩцәа ралхра азы рыбжьы рҭиит. Аӡбаҩцәа анаҩстәи ралхрақәа ажьырныҳәамза 18, жәабранмза 10 рзы Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент аилатәарақәа рҿы имҩаҧысуан. Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә Ӡбарҭа инагӡаны ишьақәыргылан жәабранмза 27, 2018 шықәса рзы.