Поиск по слову

Календарь

« Абҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30  

АБҴАРАМЗА 30 РЗЫ АМИНИСТРЦӘА РЕИЛАЗААРА АИЛАТӘАРА МҨАԤЫСРАНЫ ИҞОУП.

Ашәахьа, 29 Абҵара 2021 17:25 165

Аҟәа. Абҵарамза 29, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  Аҩаша, абҵарамза 30, рзы зымҩаҧгара азҧхьагәаҭоу Аминистрцәа Реилазаара аилатәара амшхәаҧштә быжь зҵаарак алагалоуп. Убас:

«2022 шықәсазы Аҧсны Аҳәынҭқарра абиуџьеҭ азы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан апроект азы.

«1992-1993 шш. Аҧсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа Рҳәынҭқарратә абиуџьенҭыҵтәи Афонд 2022 шықәсазы абиуџьеҭ азы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан апроект азы.

«2022 шықәсазы Аҧсны Атәанчаҩратә фонд абиуџьеҭ азы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан апроект азы.

«Ихымҧадатәиу амедицинатә бгаҧса Афонд 2022 шықәазы абиуџьеҭ азы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан апроект азы.

«Ареспублика Аҧсны арепатриациа Афонд 2022 шықәсазы абиуџьеҭ азы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан апроект азы. 

«Аҧсны Аҳәынҭқарра асоциалтә бгаҧсеи аџьа ахьчареи Рфонд 2022 шықәсазы абиуџьеҭ азы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан апроект азы.

Агәабзиарахьара аусхкы аҿы Аҧсны Аҳәынҭқарра аминистрцәа Реилазаара азиншәҟәқәак аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагалара азы.

 

 

Last modified on Ашәахьа, 03 Ажьырныҳәа 2022 23:59