Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 1, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аминистрцәа Реилазаара иӡшьартәу агаз азы азаҵәылаҭиратә хәқәа шьақәнарӷәӷәеит.
Кьылак иӡшьартәу агаз азы анаӡаратә азаҵәылаҭиратә хәԥса 100 мааҭк рҟынӡа инаӡоит, 27 литра зкуа, (11 кьыла инаӡо) - баллонк агаз азаҵәылаҭиратә хәԥса 1100 мааҭ рҟынӡа инаӡалоит.
Иӡшьартәу агаз аҭира назыгӡо анаплакқәа агазҭаҭәарҭатә станциақәеи агаз аҭыԥқәа рҿы иназго амашьынақәеи кьылак иӡшьартәу агаз ахәԥсеи 27 литра зкуа, (11 кьыла инаӡо) - баллонк иӡшьартәу агаз ахәԥсеи рзы аинформациатә дырранҵақәа рыла реиқәыршәара рыхәҭоуп.