Инал Лазба игәаанагарала, апресс-центр Sputnik аинформацитә площадка аҟынтәи азҵаарақәа жәпакы рыӡбаразы аексперттә гәаанагарақәа реибыҳәара азы аплатформа аҳасабала аҿиара аиуроуп. Насгьы уи иамоу атехникатә лшарақәа иахьагьы инаркны Аԥсны иахьҵанакуа мацара аҽҭагӡара акәымкәа уи анҭыҵгьы, адунеи ахьынӡанаӡааӡо иҟоу ауааа адиалог амҩаԥгаразы рааԥхьара азы аҭагылазаашьақәа аԥырҵар алшоит.
«Аԥсни Урыстәылеи ауаажәларратә еиԥш анапхгарабжьаратәи аҩаӡара аҿы ирыбжьоу ганрацәалатәи аизыҟазаашьақәа ҳасаб рзуны, ҳара ҳапресс-центр аусеицура иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа рыла жәларбжьаратәи аимадара азы иназыцҵоу акомуникациатә лшарақәа рыҭара иазхиоуп. Ҳара иарбоу ахырхарҭа ала аусура арӷәӷәара азԥхьагәаҭаны иҳамоуп», - ҳәа иҳәеит Инал Лазба.
Инал Лазба диит нанҳәамза 17, 1987 шықәса рзы. Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа русхкы аҿы аспециалист. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет адиплом ҟаԥшь ала далгеит. Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Арӡынбеи Арратә Ахьӡ-Аԥша Амузеи ринформациатә порталқәа напхгара аиҭон. Аус иуан Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы, Аԥсны аделегациа аилазаараҿы Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи Женеватәи адискуссиақәа дрылахәын.
2014 шықәсазы Sputnik-Аԥсны анапхгаҩыс дҟалеит.
2017 шықәсазы Аԥсны аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра адиректор Хада ихаҭыԥуаҩ имаҵураҭыԥ анагӡарахь диасит. Анаҩс, 3 –шықәса ирылагӡаны «Афымцаҭира», «Амшынеиқәафымцамч» аҿга адиректорс аус иуан.