Аҧсны адәныҟаполитикатә Хылаҧшырҭа аҟны ишазгәарҭо ала Аҧсны Ашәынҭқарра асуверенитет аокен Ҭынч аҳәынҭқаррақәа рганахьала иаиуз азхаҵара, ари Аҧсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра инанагӡаз иуадаҩу, акыр аамҭа зымҽханакыз аусура иалҵәшәахеит.
«Инарҭбаау жәларбжьаратәи азхаҵара алыршара Аҧсны Аҳәынҭқарра адәныҟаполитикатә Хылаҧшырҭа Хада априаритетқәа иреиуоуп. Аха қырҭтәылатәи ҳапоненцәа реиҧш акәымкәа, аҧснытәи адипломатцәа русуратә практика аҿы рхы иадырхәоит изакәану ацивилизациа иақәшәо аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәа аус рыцура аформақәа», - ҳәа иазгәаҭоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иҟанаҵо ахҳәаа аҟны.
Аҧсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра еицрыдыркылахьоу жәларбжьаратәи анормақәа рықәныҟарала Аҧсны асуверенитет жәларбжьаратәи азхаҵара аҳәаақәа рырҭбааара иазкны аусура аринахысгьы инанагӡалоит.