Поиск по слову

Календарь

« Абҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30  

62 - ШЫҚӘСА ДШЫРҬАГЫЛАЗ ИԤСҬАЗААРА ДАЛҴИТ АԤСНЫ ЖӘЛАР РАРТИСТ НУРБЕИ ЏЬЫНЏЬАЛ.

Асабша, 04 Ԥхынкәын 2021 19:31 175

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 4, 2021 шықәса. Аҧсныпресс.  62-шықәса дшырҭагылаз иҧсҭазаара далҵит зҽаҧсазтәыз жәлар рыкәашареи рышәаҳәареи  Аҳәынҭқарратә ансамбль  ахор  асолист, Аҧсны Аҳәынҭқарра Жәлар рартист Нурби-Виктор-иҧа Џьынџьал.  

«Нурби Виктор-иҧа – аҟыбаҩ ду злаз иналукааша ахор асолист, зыҧсҭазаара зегьы аҧсуа хортә ҟазара аҿиареи апопулиаризациеи иазызкыз, зыҩаӡара ҳараку  азанааҭдырреи артистизмреи злаз уаҩын.

Нурби Виктор-иҧа иҧсҭазаара алҵра ҳара ҳзы, Аҧсны амилаҭтә культура зегьы азы  цәыӡ дууп.

Аҧсны акультура Аминистрра иаамҭанымкәа зыҧсҭазаара иалҵыз Нурби Виктор-иҧа иуацәеи иҭахцәеи, изааигәаз зегьы ирыдышшылоит», - ҳәа иаҳәоит адышшыларатә телеграмма аҿы. 

Нурби Џьынџьал анышә дамадахоит ҧхынҷкәынмза 5 Ԥсырцха ақыҭан.

Нурби Виктор-иҧа Џьынџьал диит мшаҧымза 22, 1960 шықәса азы Гәдоуҭа араион Ԥсырцха ақыҭан.

1986 шықәсазы далгеит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә музыкатә ҵараиурҭа «асолотә шәаҳәара» азаанаҭ ала.

1981 шықәса инаркны уи аус иуан Аҧсны зҽаҧсазтәыз жәлар рыкәашареи рышәаҳәареи Аҳәынҭқарратә ансамбль аҿы.

2009 шықәсазы Нурби Џьынџьал  «Аҧсны Аҳәынҭқарра зҽаҧсазтәыз артист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵан, 2016 шықәсазы уи ихҵан «Ареспублика Жәлар Рартист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы.

- Цәыббрамза, 2020 шықәсзы Нурби Џьынџьал Аҧсны зҽаҧсазтәыз жәлар рыкәашареи рашәаҳәареи Аҳәынҭқарратә ансамбль адиректорс дҟаҵан.   

Нурби Виктор-иҧа Џьынџьал 1992-1993 шш. Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра далахәын. Уи ианашьоуп «Агәымшәаразы» амедал.

 

Last modified on Аҩаша, 04 Ажьырныҳәа 2022 01:34