Атәыла аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб инапынҵала Лаҭа ақыҭан аинспекциатә ҭаарала иҟан акультура аминистр, Аҧсныаҟәарахьчара аспециалистцәа, амонументалтә ҟазара азы аҳәынҭқарратә комиссиа алахәылацәа.
Аспециалистцәа ргәаанагарала, аӡиас аӡымҩа аҧсахаанӡа изеиҧшразаалак аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаҧгара залыршахом. Аамҭа-аамҭала абаҟа ахь инагоу амҩа ҵнаӡәӡәаауеит, ахаҳәрҟәара ықәнажьуеит.
Аекспертцәа иҟарҵаз азгәаҭарақәа рыла, ҩымш рыла араҟа иқәнагалаз ахаҳә-мҿыҳәи аӡымҭҟьари злоу агәам-сам ацәынхақәа зегьы ықәыргоит.
Атәыла аҧыза-министр иҟаиҵаз адҵа ала аргылаҩцәа атерриториа адагьы ауахәама-хәыҷы ахаҿратә гангьы аҭеиҭыҧш дырҽеиуеит. Ирҿыцхоит амемориалтә хаҳәҟьаҧсгьы. Аусурақәа зегьы иҭахаз рыуацәа ақәыршаҳаҭны имҩаҧысуеит.
Ԥхынҷкәынмза 14, 1992 шықәса рзы 1992-1993 шш. Аҧсны Жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра анцоз аамҭазы, Лаҭа ақыҭа, ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа рнапаҵаҟа иҟаз атерриториа аҟынтәи иоужьҭыз аракета ала илашьҭын агуманитартә реис назыгӡоз урыстәылатәи аҵәиҧрыга Ми-8. Усҟан ари ахлымӡаах аҿы иҭахеит 85-ҩык ауаа, урҭ рахьынтә 35 - ҩык ахәыҷқәеи ааҩык зцәа зтәымыз аҳәсеи ракәын.