Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 15, 2021 шықәса. Ахәыҷтәы поет, аҵарауаҩ, арҵаҩратә наукақәа ркандидат, аиҭагаҩ Џьоҭа Тапаӷәуа (20.09.1924ш.-01.05.2013ш.) дахьынхоз, Воронов имҩаду ала игылоу аҩны № 24 аҿы амемориалтә ӷәы кыдҵахеит. Уи Аҧсны ашәҟәыҩцәа Реидгыла аҧшьгаралеи Аҟәа ақалақьтә Еизара иҟанаҵаз адгылареи ирыбзоураны иҟалеит. Амемориалтә ӷәы аартра иазкыз ацеремониа рхы аладырхәит Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылареи ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациеи рлахәылацәа, Џьота Тапаӷәуа акыр шықәса инеиҧынкыланы аус ахьиухьаз аҵарадырреи абызшәатә политикеи Рминистрра аусзуҩцәа, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә Университет аусзуҩцәа, анаукатә интеллигенциа ахаҭарнакцәа, ареспублика ауаажәларратә еилазаара. Амемориалтә ӷәы ақәыршә ахихит Тапаӷәуа аижәлантәқәа рахьынтә аҿар рхаҭарнак. Амемориалтә ӷәы ашьақәыргылара иазку амитинг ааиртит иагьимҩаҧигеит Аҧсны ашәҟәыҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Абхазоу.
Амитинг аҿы иқәгылеит аҵарадырреи абызшәатә политикеи рминистр актәи ихаҭыҧуаҩ Ада Кәарҷелиа, апоет, ауаажәларратә усзуҩ Ганнади Аламиа, ажурналист, апрофессор Екатерина Бебиа. Урҭ Џьота Тапаӷәа иҧсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи иалацәажәеит.
«Џьота Константин-иҧа аҧсуа педагогика аҿы илагала дууп. Уи алагаратә классқәа ирызку алитература азы ахрестоматиақәа дравторуп, иара убас инапы иҵыҵхьан арҵагашәҟәқәа, апрограммақәа, аметодикатә цхыраагӡатәқәа жәпакы», - ҳәа илҳәеит Ада Кәарҷелиа.
Аусмҩаҧгатә ахыркәшамҭаз Тапаӷәуаа рыхьӡала амемориалтә ӷәы ашьақәыргылареи аартреи знапы алаку зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит Ерик Тапаӷәуа.