Араион аҿы аусбарҭақәа зегьы русура аанкылоуп, аҵараиурҭақәагьы уахь иналаҵаны, мацара аус руеит адәқьанқәа, аҧҭекақәа, ачаӡырҭазауад.
«Астационар аҿы зҽызхәышәтәуа ачымазцәа рнаҩс ҳара зыиагара алымшо амбулатортә чымазцәагьы рыхәышәтәра мҩаҧаагоит. Ҳҳақьымцәа урҭ уахи-ҽни инеиҧынкыланы иахәҭоу ацхыраара рырҭоит», - ҳәа илҳәеит Лали Гаргәылиа.
Ҽынлатәи астационар аҿы рҽырхәышәтәуеит 40-ҩык инарзынаҧшуа.
Аҳақьым хада лажәақәа рыла, зықәрахь инеихьоу ауаа реиҧшҵәҟьа ақәыҧшцәагьы чмазаҩхоит.
Аҳақьым хада ишазгәалҭаз ала, ахәышәтәырҭа ихымҧадатәиу ахәшәқәеи аныхтә материалқәеи рыла еиқәыршәоуп, егьырҭ амедусбарҭақәеи иареи аусеицуратә еимадара рыбжьоуп. Згәабзиара аҭагылазаашьа уадаҩу апациентцәа зегьы Гәдоуҭаҟа, мамзаргьы Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа ахь идәықәҵахоит.