Ақалақь ахада ақалақь абиуџьеҭгьы далацәажәеит. «Ҳазҭоу ашықәс азы иазҧхьагәаҭан 58 млн. 240 нызықь мааҭ. Аплан иацҵаны анагӡареи 2020 шықәсаҟнытә ииасыз ацәынхеи еицыланы Афон Ҿыц абиуџьеҭ иартәеит 65 млн. мааҭ», - ҳәа иҳәеит иара. Ашәахтәқәа рзы аплан нагӡоуп 130% рыла. «Ԥхынҷкәынмза 12 рзы Афонҿыцтәи Аҳаҧы иаҭааит 427 нызықьҩык ауаа, ари 213 млн мааҭ иартәеит. Арҭ аҧаратә хархәагақәа рыҟнытә ақалақь иаиуит 50 млн. мааҭ», - ҳәа иазгәеиҭеит иара.
Акриминагентә ҭагылазаашьа ақалақь аҟны иҭышәынтәалоуп. «Ауадаҩрақәа ыҟоуп афымцалашаразы. Аидара аҧхын еиҧш аӡынгьы иазҳауеит. Уи ахәҧса ашәара атәы ҳҳәозар, арбагақәа 22-25% рҟынӡа иҟоуп. Афымцамҩагагақәа хеит, ҭыҧқәак рыҟны атрансформаторқәа излауа ала ирласны иҧсахтәуп, аха иааизакны уахәаҧшуазар, афымцамч еиҧҟьарада иҟоуп», - ҳәа иҳәеит Ҭемыр Оҭырба.
Аҳәынҭқарра Ахада агәынамӡара аарҧшит афымцамч ахәҧса ашәаразы иҟоу аҭагылазаашьазы, 2022 шықәса ажьырныҳәамза анҵәамҭанӡа апроцентқәа рырбагақәа 50 % аҟынӡа рышьҭыхра азы адҵагьы риҭеит.