Поиск по слову

Календарь

« Абҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30  

АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АФОН-ҾЫЦ АҞНЫ АУСУРАТӘ НЫҞӘАРА МҨАԤИГЕИТ.

Ахәаша, 17 Ԥхынкәын 2021 13:10 202

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 17, 2021 шықәса. Аҧсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Афон Ҿыц аҟны аныҟәара мҩаҧигеит.

Аҳәынҭқарра Ахада еиуеиҧшым аҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны 2021 шықәса лаҵарамза инаркны аус зымуа ахәыҷбаҳча «Алашара» даҭааит. Ари ахәыҷбаҳча ргылан Аҧсны Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә ҿиара ацхырааразы иаҧҵоу Аинвестициатә Программа аҳәаақәа ирҭагӡаны. Аргылара иақәхарџьхеит 136 млн. мааҭ.

Шьаҭанкылатәи аргылара азы Аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба Аҳәынҭқарра Ахада изеиҭеиҳәеит ари аобиект аҟны ицәырҵыз ауадаҩрақәа хымҧада ишаҧыххо.  

Аҳәынҭқарра Ахада Анхәа ақыҭа аҳаблабжьаларҭаҿы иҟалаз адгьылҳәазара иахҟьаны автомашьынамҩа ахьҿабгаз аҭыҧ гәеиҭеит. «Уи аҭыҧ рӷәӷәахоит аҭӡы ҵаргәақәа ҩба рыла. Аусурақәа аамҭа аҽҳәара иақәыршәаны имҩаҧысуеит», - ҳәа иҳәеит Ҭемыр Агрба. 

Ҳазҭагылоу аамҭазы асурақәа ирыхшәаауп 5 млн. 689 нызықь мааҭ. Иааидкыланы уахәаҧшуазар, арӷәӷәара иазку аусурақәа зынӡа ирықәхарџьхоит 20 млн. мааҭ. 

Аслан Бжьаниа даҭааит иара убас ақалақь аҟны аӡымҩахгагатә цәаҳәақәа шьаҭанкыла рырҽеира ахьымҩаҧысуа аҭыҧгьы. Аҳәынҭқарра Ахада имҩаҧысуа аусурақәа «хара амам» ҳәа рыхә ишьеит.

 

Last modified on Аҩаша, 04 Ажьырныҳәа 2022 20:25