Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20, 2021 шықәса. Аҧсныпресс. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аҧсны ажәлар рахь ааҧхьара ҟаиҵеит.
Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!
Хара имгакәа ҳтәылеи ҳауаажәлари рзы имариамыз, уадаҩрала иҭәыз ашықәс ахыркәшарахь инеиуеит.
Аанкылашьа змам ачымазара ҿкы ҳауаажәлар ргәабзиареи рыҧсҭазаареи, асоциал-еконоикатә ҭагылазаашьеи, иааизакны, аҳәынҭқарра аҧҭазаара аганқәа зегьы ирнымҧшыр амуит. Абиуџьеҭ иреиҳау ахәҭак ачымазара ҿкы аҿагыларазы, агәабзиарахьчара асистема ацхыраарахьы идәықәҵоуп. Абри иахҟьаны, жәаҳәарада, егьырҭ аусхкқәа ирыгхеит – урҭ рзы иазҧхьагәаҭаз дара рҟынӡа изымнеиӡеит.
Аха ауадаҩрақәа маҷымкәа ишыҟазгьы, аиҳабыреи аҭыҧантәи ахаланаҧхгаратә усбарҭақәеи русура иабзоураны иалыршахеит абиуџьеҭ апрофицит. Аинвестициатә Программа аҳәаақәа ирҭагӡаны зыда ҧсыхәа ыҟам аинфрастуктуратә проектқәа рынагӡаразы акрызҵазкуа ацхыраара ҳауеит астратегиатә партниорс иҳамоу - Урыстәылатәи Афедерациа аҟнытәи. Иҳамоу ауадаҩрақәа рыҟны, хымҧада, иарӷьажәҩаны иҳадгылоуп ҳдиаспора.
Аҭагылазаашьа мариаӡам, излауа ала уи арҽеира ҳаҿуп, убри инаваргыланы, урыстәылатәи ҳҩызцәеи ҳареи ҳаидгыланы ҳҳәынҭқарра аҿиаразы акырӡа аҵакы змоу апроектқәа ҳнапы рылакуп. Ари ареспублика газла аиқәыршәара, ақыҭанхамҩеи, ааглыхреи, акурорттә индустриеи рыҿиара, аҳаиртә еимадара аиҿкаара, уҳәа убас иҵегьы.
Ари зегьы аекономикатә ҭышәынтәалара, ҳтәылауаа рсоциалтә ҧсҭазаара ахаҭабзиара аиӷьтәра, аусурҭа ҭыҧқәа раҧҵара иазкуп.
Ххатә харџьқәа рыла анхаратә программа ала излымшо аҭаацәарақәа нхарҭа ҭыҧла реиқәыршәаразы ҩаҧхьа афинансқәа азоуҳажьуеит.
Убас шакугьы, жәаҳәарада, ауадаҩрақәа жәпакы ӡбамкәаны иаанхоит. Иҧсыҽу аекономикаҿы лассы-лассы аполитикатә кризис аҭыҧ ахьамоу иҭышәынтәалам аҳәынҭқарраҿы урҭ риааира мариам. Абас еиҧш иҟоу, ҭакҧхықәрада даҽа акциак амҩаҧгара, ҽеила иӷәӷәам ҳҳәынҭқарра ахыбгарахьы инанагоит, ҭоурыхла иаҳдыруеит –аргылара акыр аамҭа аҭахуп, ахырбгалара сааҭк ауп. Изныкымкәа ишыҟалахьоу еиҧш, ари аҭакҧхықәра ныҟәзымго политикцәақәак рхатә амбициақәа ирыхҟьоит.
Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар! Ишыжәдыруа еиҧш, аппозициатә еиҿкаарақәак рхаҭарнакцәа, уаҵәы, Аҟәа ақалақь аҿы изакәантәым амитинг амҩаҧгара ргәы иҭоуп.
Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциеи азакәанқәеи ҳауаажәлар, иара убас ауаажәларра-политикатә еиҿкаарақәа азин рнаҭоит иарбан зҵааразаалак азы иаартны ргәаанагара аҳәаразы, иара убас атәыла анапхгара рганахьала ргәынамӡара аарҧшрагьы. Аха, ари зегьы азакәанҧҵара еиланамгозароуп, уи аҳәаақәа ирҭагӡазароуп.
Ҳара иӡбам азҵаарақәа маҷымкәа ишыҟоу ҳдыруеит, аха ари иахырҟьаны аҳәынҭқарра аҵшәаара ҳақәшаҳаҭым. Убри аҟнытә изакәантәым, Аконституциа иаҿагылоу аҽазышәарақәа згәы иҭазкыз зегьы ргәырҽанаҳҵоит. Азинхьчаратә усбарҭақәа азакәан еилазгаз рықәнага иақәдыршәоит.
Еиҭасҳәоит, ҳарҭ иаарту иконструктивтәу адиалог амҩаҧгара ҳадгылоит, еиуеиҧшым азҵаарақәа рзы аиҿцәажәарақәа ҳрызхиоуп. Аха урҭ ацивилизациатә ҟазшьа рымазароуп, атәыла ашәарҭара иҭанамыргылароуп.
А.Бжьаниа.
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада.
Ԥхынҷкәынмза 20, 2021 ш.