Цәыббрамза 3, 2008 шықәсазы Ареспублика Никарагуа Аҧсны ахьыҧшымра азханаҵеит, шықәсык анҵы ашьҭахь ҳтәылақәа адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеит.
Ладариа Инал Игор-иҧа абҵарамза 10, 1989 шықәса рзы Гәдоуҭа ақалақь аҿы диит.
2007 шықәсазы Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №1 араӡны медалла далгеит.
2012 шықәсазы Белорусиатәи аҳәынҭқарратә Университет жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рфакультет далгеит.
2014 шықәсазы далгеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟны иҟоу Жәлар рынхамҩеи аҳәынҭқарратә маҵзуреи рзы Урыстәылатәи Академиа (РАНХиГС) аспирантура.
2018 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҟны иҟоу Адипломатиатә Академиа аҿы апрограмма «Англыз усуратә бызшәа» ала азанааҭдырра аҩаӡара аизырҳаразы акурсқәа дырхысит.
2014 шықәса инаркны – Аҧсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аппарат Хада аусзуҩ, аинформациатә департамент ареферент, 2015 шықәса инаркны Лаҭинтәи Америка, Азиа, Азиа-Аокенҭынчтәи Арегион (АТР) адепартамент ареферент еиҳабыс аус иуан.
Ладариа Инар Игор-иҧа – Аҧсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҟны иҟоу адипломат ҿарацәа Рхеилак ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩыс дыҟоуп.
2017 шықәсазы Шәача ақалақь аҿы имҩаҧысуаз Аҿари Астудентцәеи Рдунеизегьтәи Афестиваль аҿы Аҧсны Аҳәынҭқарра аделегациа анапхгара аиҭон.
Ианашьоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҳаҭыртә шәҟәы. Иара убас 2017 шықәсазы Шәача ақалақь аҿы имҩаҧысуаз Аҿари Астудентцәеи Рдунеизегьтәи XIX Афестиваль аиҿкаареи амҩаҧгареи рҿы илагала азы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟынтәи аҳаҭыртә шәҟәи агәаларшәагатә ҳамҭеи ианашьоуп.