Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыҧуаҩ Авҭандил Сурманиӡе ауааҧсыра фымцалашарала реиқәыршәара азҵаара дазааҭгыло афымцамч ала аиқәыршәара иадҳәалоу апроблемақәа шықәсырацәа иалагӡаны еиқәыло иаауан, афымцацәаҳәақәеи атрансформаторқәеи русуразы ирзоужьыз аамҭа нҵәеит, зныкҟьара аенергетика аҭагылазаашьа арҽеира залыршахом ҳәа иазгәеиҭеит. «Уи зегьы азы аҧара рацәаны иаҭаххоит. Иара мышкы-ҩымш рыла иузынагӡо усӡам. Уи ус имариазҭгьы атәыла анапхгара ари апроблема шьҭа иӡбаны иалгахьазаарын», - ҳәа иҳәеит иара. Уи иажәақәа рыла, Аҳәынҭқарра Ахада имаҵураҭыҧ ашьҭазаара ҳааҟәыҵны, зегьы иаҳзеиҧшу ахықәкқәа рынагӡара азы ҳаидгылароуп. «Сара аӡәгьы деилысхуам. Адраматә театр аҿаҧхьа игылоугьы ҳауаажәлар, ҳауацәа, ҳҭахцәа, ҳҩызцәа роуп. Аха уажәы амитингқәа рымҩаҧгара иаамҭаӡам ҳәа исыҧхьаӡоит. Апроблемақәа иаразнак, мышкала иузыӡбашам. Дара (аоппозициа - АП аредакциа азгәаҭара) хәышықәса анапхгараҿы иҟан, аха иҟарҵаз ҳәа акгьы ыҟам. Ҳара есҩышықәса Аҳәынҭқарра Ахадацәа рахыхреи аҩныҟа рышьҭреи ҳалагар, уи иҽеиу акгьы алҵгәышьарым»,- ҳәа иҳәеит иара.
Аҧсны Афырхаҵа, Апарламент ҧыхьатәи адепутат Фазлыбеи Аҩӡба абас еиҧш азҵаара ықәиргылеит: «Иахьа ҳҳәынҭқарра Аконституциа, абираҟ, агимн амазар, ҳара убри зегьы ҳнапала иҳарбгар ҳҭахума? Ҳара ҳҽаанкыланы, амитингқәа рымҩаҧгара мап ацәкны, ачҳареи апатуеиқәҵареи раарҧшра ҳалагароуп. «Убас мацаралоуп ҧхьаҟа ацара шалыршахо. Аибашьраан ҳакзаара Аиааира агара ҳалнаршеит», - ҳәа иҳәеит Фазлыбеи Аҩӡба.
Аҷандара ақыҭа инхо Витали Џьениа аӡәгьы иахьа иҭышәынтәалоу адиалог амҩаҧгараҿы даҳҧырхагаӡам ҳәа иҳәеит. «Иҟан аамҭақәак ақырҭцәа ҳҧырхагоуп, урҭ ракәымзар зегьы шьахәлаҵәҟьа иҟалон ҳәа анаҳҳәоз. Сара Едуард Шеварнаӡе иҳәамҭаны исаҳахьан, аҧсуаа амал руҭар, урҭ рхала рхы ршьуеит ҳәа. Уи ауп иахьа ҳазҿугьы», - ҳәа иҳәеит иара. Уи зегьы рахь адиалог амҩаҧгаразы ааҧхьара ҟаиҵеит: «Ҳара араион Ахадарақәа, акультура Аҩнқәа, ҳамоуп. Шәааи амитингқәа рмыцхәрас уаҟа ҳаизаны еиҳа ҳгәы иҵхо апроблемақәа ҳрылацәажәалап». Уи ҿырҧштәыс иааигеит ааигәа Аҷандара ақыҭан имҩаҧысыз аизара. Араҟа аиҳабацәа реиҧшгьы аҿаргьы рхы аладырхәит. «Ҳара ҳгәы иҵхо азҵаарақәа ҳрылацәажәеит, доусы ҳгәаанагарақәа ҳҳәеит. Сара егьырҭ зегьы абри аҿырҧштәы ала шәныҟәарц азы ааҧхьара ҟасҵоит. Ҳара зегьы, ара игыло роума, адраматә театр аҿаҧхьа игылоу роума-жәларык ҳауп. Еилаҳҵо-еилаҳхуа ҳәа аӡәгьы дыҟам. Иаҳшогьы иҳамои!? Ҳара зегьы лахьынҵак ауп иҳамоу!», - ҳәа иҳәеит иара.