Убри аамҭазы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҿцәажәара алҵшәақәа рзы Адраматә театр аҿаҧхьа игылаз ауаажәлар адырра риҭеит аполитикатә Партиа «Аҧсны Жәлар Реизара Афорум» ахантәаҩы Аслан Барцыц. Аслан Барцыц иҟаиҵаз адыррақәа рыла, Аҳәынҭқарра Ахада иҧылара иалахәын атәыла аҧыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Аиҳабы Алхас Кәыҵниа, Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура аиҳабы Дмитри Дбар. «Ҳара Аҳәынҭқарра Ахада иҟынӡа шәгәаанагара, шәнапынҵа наҳгеит. Еизаз араҟа ишьҭыхыз азҵаарақәа рзы Аҳәынҭқарра Ахада игәаанагара раҳарц рҭахуп ҳәа иаҳҳәеит. Иарбоу азҵаарақәа ргәы иҵхоит араҟа еизаз рыдагьы иахьа арахь изымааз, зегьы иаадыруа амзызқәа ирыхҟьаны зыбзазаратә ҭагылазаашьақәа акыр иуадаҩу ауаагьы. Абри атәы зегьы ҳҳәеит, уи азы абри аҩыза аҭак ҳауит: «Ишәҳәаз саҳаит. Сара иацы иҟасҵаз ааҧхьара аҿы спозициа аасырҧшит, убри аҟнытә изеиҧшразаалак амитинг ахь анеира иаҭахны ҳәа исыҧхьаӡом», ҳәа еиҭеиҳәеит Аслан Барцыц. Аҳәынҭқарра Ахада ииҳәаз иақәшаҳаҭымхаз ауаа агәынамӡара аарҧшуа Апарламент ахь идәықәлеит.