Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа аҿы ишьҭоуп акоронавирустә ҿкы чымазара COVID-19 злаҽыз 39-ҩык апациентцәа, Очамчыратәи ахәышәтәырҭа хада аҿы – 7-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭа Хада аҿы – 25 -ҩык, 4-ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа уашәшәыроуп, Ҭҟәарчалстәи ахәышәтәырҭа Хада аҿы - 9-ҩык апациентцәа шьҭоуп.
Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа аҿы рыԥсҭзаара иалҵит 68, 75 ,82 зхыҵуаз х-ҩык аҳәса .
Иахьатәи амш азы Аԥсны акоронавирустә ҿкы чымазара злаҽыз рхыԥхьаӡара 39885 –ҩык рҟынӡа инаӡоит. Ашәҟәы иҭагалоуп 575 -ҩык зыԥсҭазаара иалҵыз. Ргәы бзиахахьеит 33784-ҩык.
Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы Аоперативтә Штаб Аԥсны ауааԥсыра зегьы рахь ачымазара алаҽра аҽацәыхьчаразы иахәҭоу аҽыхьчагатә уснагӡатәқәа нарыгӡаларц азы ааԥхьара ҟанаҵоит.