Поиск по слову

Календарь

« Абҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30  

АУААԤСЫРА АКОРОНАВИРУСТӘ ҾКЫ ЧЫМАЗАРА РАЦӘЫХЬЧАРА АЗЫ АКООРДИНАЦИАТӘ ШТАБ: АԤСНЫ АКОРОНАВИРУСТӘ ҾКЫ ЧЫМАЗАРА COVID-19 АЗЫ 130-ҨЫК РДИАГНОЗ ШЬАҚӘЫРӶӘӶӘОУП.

Аҩаша, 18 Ажьырныҳәа 2022 23:13 224

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 18, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Ауааԥсыра акоронавирусттә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы Акоординациатә Штаб  ажьырныҳәамза 18  аламҭалазы атәыла аҩныҵҟа ишьақәгылаз аепидимиологиатә ҭагылазаашьа азы адырра ҟанаҵоит. Убас, иҟоу адыррақәа рыла, уахыки-ҽнаки рыла 461-ҩык акоронавирус азы атест иахысит, урҭ рахьынтә COVID-19 азы 130-ҩык  рдиагноз шьақәырӷәӷәоуп. 

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа хада аҿы астационартә хәышәтәра иахысуеит COVID-19 азы рдиагноз шьақәырӷәӷәоу 84-ҩык, урҭ рахьынтә  згәабзиара аҭагылазаашьа уадаҩу рхыԥхьаӡара 36-ҩык рҟынӡа инаӡоит, 48  –ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа бжьаратәуп.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа аҿы ишьҭоуп акоронавирустә ҿкы чымазара COVID-19 злаҽыз 39-ҩык апациентцәа, 20-ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа уашәшәыроуп,  Очамчыратәи ахәышәтәырҭа хада аҿы – 11-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭа Хада аҿы – 21 -ҩык, 4-ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа уашәшәыроуп, Ҭҟәарчалстәи ахәышәтәырҭа Хада аҿы  - 10-ҩык апациентцәа шьҭоуп.

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа аҿы рыԥсҭзаара иалҵит 79 – шықәса зхыҵуаз аԥҳәыси 90 –шықәса зхыҵуаз ахаҵеи.

Иахьатәи амш азы Аԥсны акоронавирустә ҿкы чымазара злаҽыз рхыԥхьаӡара 39115  –ҩык рҟынӡа инаӡоит. Ашәҟәы иҭагалоуп 577-ҩык зыԥсҭазаара иалҵыз. Ргәы бзиахахьеит  34007 -ҩык.

Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы Аоперативтә  Штаб Аԥсны ауааԥсыра зегьы рахь ачымазара алаҽра аҽацәыхьчаразы иахәҭоу аҽыхьчагатә уснагӡатәқәа нарыгӡаларц азы ааԥхьара ҟанаҵоит.

 

 

 

Last modified on Ахаша, 19 Ажьырныҳәа 2022 13:37