Наҭелла Акаба: «Ари акыр ихәарҭаз цажәараны иҟалеит, даарагьы акыр аҵанакуеит ишьақәгылаз иуадаҩу аҭагылазаашьа аҿы Ауаажәларратә Палата инанагӡо ароль аҵакы ахьазҳаз. Ари еиуеиԥшым аполитикатә гәаанагарақәа змоу ауаа злаху адиалог азы аплошьадка ауп. Рыцҳарас иҟалаз Аԥсны макьаназы аконструктивтә диалог аасҭа амитингқәа рымҩаԥгара еиҳа еиӷьыршьоит».
Асҭамыр Ҭаниа: «Иҟоуп имаҷымкәа ауаа аоппозициа агәаанагареи атәыла анапхгареи ргәаанагара иақәшаҳаҭым. Урҭ ргәаанагара ҳтәылаҿы ҳасаб амҭакәа иаанхоит. Убри аҟнытә аиҿцәажәара ахәҭоуп, аполитикатә зҵаарақәа рыдагьы алхрақәа рымҩаԥгара азҵаарақәагьы ирылацәажәатәуп. Ҳара аекономика, адемографиа, аҵарадырра, уҳәа ирыдҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа маҷымкәа иӡбатәны ҳаԥхьа ишьҭоуп, убарҭ иахь абра ҳрылацәажәеит».
Даур Наҷҟьебиа: «Еиуеиԥшым апроблемақәа маҷымкәа еизаны иҳамоуп, урҭ ҳтәыла азы хра злам ахҟьаԥхьақәа роур алшоит. Зегьы ҳахшыҩ еилаҵаны урӡ рыӡбара ҳалҳаршароуп. Раԥхьаӡа иргыланы, еиуеиԥшым азинмчқәа змоу ауаа, амчра иахагылоу ауаа роуп уи ҭакԥхықәраны изду. Ҳажәлар еилыркаароуп ишьақәгылаз аҭагылазаашьа ашәарҭара ду шаҵоу. Ҳазҭагылоу аамҭа азы акыр иуадаҩу апроцессқәа мҩаԥысуеит, ҳара жәларк аҳасабала ҳхы еиқәҳархароуп. Ас еиԥш иҟоу ацәажәарақәа хымԥадатәны иҟоуп».
Кьасоу Ҳагба: «Зегьы ижәдыруеит ҳтәыла аҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа акыр ишымариам. Ҳҳәынҭқарра еиламбгарц азы иахьынӡазалшо уаарашәа иаартны ацәажәара аҭахуп. Амчра мчыла ахҳәара азы аҽазышәарақәа рҵыхәа ԥҵәатәуп. Атәыла анапхгареи аоппозициеи ажәлар ргәаанагара еилымкаакәа аӡбамҭақәа рыдрымкылароуп».