«Ҳара ҳоперациаҟаҵарҭа иахәҭоу ала еиқәыршәамызт. Уажәы уи иахәҭоу амаругақәа зегьы рыла еиқәыршәоуп. Ахәышәтәырҭа аоперациатә блок ҳаамҭа иақәшәо аиқәыршәага ҿыцқәа рыла ирхиоуп, иамоуп аԥҟараҟаҵарҭақәа ҩба. - акушер-гинекологиатәи ахирургиатәи. Иҟоуп иҿыцу арҩашьыгатә аппаратқәеи арыԥҳақәа рыҩныҵҟа иԥсабаратәым аҳауаеиҭарсра азы аппаратқәеи", - ҳәа илҳәеит лара.
Аперсонал аганахьалагьы ауадаҩрақәа ҳамаӡам, дыҟоуп аԥҟарақәа ҟазҵо ахәыҷышьҭыхҩы-агинеколог, ахирургцәа, анестезиолог-реаниматолог, иара убас ахәыҷы даниилак ихәаԥшуа, игәабзиара аҭагылазаашьа гәазҭо анеонатолог.
Ҭҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аргылара мҩаԥган Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара аҭара иазку Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны. Официалла Ҭҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аартын ԥхынҷкәынмза 29, 2021 шықәса рзы.