Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа аҿы ишьҭоуп акоронавирустә ҿкы чымазара COVID-19 злаҽыз 39-ҩык апациентцәа, 18-ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа уашәшәыроуп, Очамчыратәи ахәышәтәырҭа хада аҿы – 12-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭа Хада аҿы – 22 -ҩык, аӡәы игәабзиара аҭагылазаашьа уашәшәыроуп, Ҭҟәарчалстәи ахәышәтәырҭа Хада аҿы - 9-ҩык апациентцәа шьҭоуп.
Аԥсшьарамшқәа рзы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа Хада аҿы лыԥсҭазаара далҵит 80-шықәса зхыҵуаз аԥҳәыс, Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа аҿы иԥсҭазаара далҵит 65-шықәса зхыҵуаз ахаҵа.
Иахьатәи амш азы Аԥсны акоронавирустә ҿкы чымазара злаҽыз рхыԥхьаӡара 40398 - ҩык рҟынӡа инаӡоит.
Аԥсны акоронавирустә ҿкы чымазара злаҽыз ауаа рзеиԥш хыԥхьаӡара иацҵахеит ари ачымазара аҩынтәраан изыхьыз 113 –ҩык рхыԥхьаӡара. Урҭ зегьы ҳазҭалаз ашықәс алагаразы иаарԥшын. Ари ачымазара иахҟьаны рыԥсҭазаара иалҵит 587-ҩык. Ргәы бзиахахьеит 35202-ҩык.
Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы Аоперативтә Штаб Аԥсны ауааԥсыра зегьы рахь ачымазара алаҽра аҽацәыхьчаразы иахәҭоу аҽыхьчагатә уснагӡатәқәа нарыгӡаларц азы ааԥхьара ҟанаҵоит.