Аштамм ҿыц SARS-CoV-2 алаҽра азы аинформациа Асаниатр-епидемиологиатә Станциа ахь иҟалеит ажьырныҳәамза 22 рзы, усҟан апациентцәа руаӡәы Ареспубликатә хәышәтәырҭа атерапевт дидҵаалеит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 24, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Акоронавирустә ҿкы чымазара аштамм ҿыц «Омикрон» Аԥсны ишьақәыргылахеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.
Аексперименталтә патологиеи атерапиеи рзы Аҭҵаара-дырратә Институт авирусологиеи аиммунологиеи рлабораториа аиҳабы, Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы Аоперативтә Штаб алахәыла, агәабзиарахьчара аминистр ицхырааҩ Алиса Матуа лажәақәа рыла, «омикрон» злаҽыз ауаа рхыԥхьаӡара 30-ҩык рҟынӡа инаӡахьеит. Уи ишазгәалҭаз ала, аштамм «омикрон» еиҳа ирласны аӡәы иҟынтәи даҽаӡәы иахь ииасуеит, убри азы акыр ихымԥадатәны иҟоуп аԥкрақәа зегьы рынагӡареи ахыхьчареи.
Аштамм ҿыц SARS-CoV-2 алаҽра азы аинформациа Асаниатр-епидемиологиатә Станциа ахь иҟалеит ажьырныҳәамза 22 рзы, усҟан апациентцәа руаӡәы Ареспубликатә хәышәтәырҭа атерапевт дидҵаалеит.