Поиск по слову

Календарь

« Абҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30  

АХАДА АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АУААԤСЫРА КОРОНАВИРУСТӘ ҾКЫ COVID-19 РАЦӘЫХЬЧАРАЗЫ АУСНАГӠАТӘҚӘА ИРЫЗКУ АДҴА ИНАПЫ АҴАИҨИТ.

Аҩаша, 25 Ажьырныҳәа 2022 17:49 294

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 25, 2022шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарра ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара COVID-19 рацәыхьчаразы ауснагӡатәқәа ирызкны Адҵа инапы аҵаиҩит.

«Аԥсны Аҳәынҭқарра ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара COVID-19 рацәыхьчаразы 2022 шықәса ажьырныҳәамза 24 аҟнытә Акоординациатә штаб азыӡба шьаҭас иҟаҵаны:

  1. Иаанкылазааит иарку аҭыԥқәа рыҟны ачаратә, агәырӷьаратә, аныҳәатә, аԥсхәратә, аустә, арлахҿыхратә, даҽа массатә усмҩаԥгатәқәак рымҩаԥгара.
  2. Аԥсны Аҳәынҭқарра Агәабзиарахьчара ишьақәнарӷәӷәаз аҳәынҭқарратә санитартә-гигиенатә нормақәеи аԥҟарақәеи инарықәыршәаны имҩаԥыслааит акультура аусҳәарҭақәеи (акультура аханқәа, атеатрқәа, ацәыргақәҵатә залқәа, амузеиқәа, абиблиотекақәа) аспорт аобиектқәеи (аспорттә, атренажиортәи афитнес-залқәеи, егьырҭ аспорт аобиектқәеи) русура.

3.Ишьақәыргылазааит абарҭ изеиԥшхымԥадатәиу аҭахрақәа:

1) ауаажәларратә транспорти атаксии рпассаџьырцәа рымҩангаразы амаҵзурақәа рынагӡара аусхк аҟны: 

а) иаанкылазааит хаҭалатәи ахыхьчагатә хархәагақәа (амедицинатә сабрадақәа) зхы иазмырхәо апассаџьырцәа рымҩангара;

б) Иаанкылазааит хаҭалатәи ахыхьчагатә хархәагақәа (амедицинатә сабрадақәа) зхы иазмырхәо амашьынаныҟәцаҩцәа апассаџьырцәа рымҩангаразы амаҵзура анагӡарахь рынашьҭра; 

в) атранспорттә наплакқәа рнапхгаҩцәа иалдыршааит ауаажәларратә транспорт асалонқәа рыҩныҵҟа есҽны изныкымкәа ачымазара гәҽанҵаратә дезинфекциа амҩаԥгара. 

2) ахәаахәҭратә усура аусхк аҟны:

а) Аҟәа ақалақьи Аԥсны араионқәеи рыҟны афатәтә, ақыҭанхамҩатә, ашәҵатәтәы џьармыкьақәа радминистрациақәа ахәаахәҭратә обиектқәеи урҭ ирыҵанакуа адгьылҵакырақәеи рыҟны есҽны ачымазара гәҽанҵаратә дезинфекциа мҩаԥыргалааит; 

б) ишьақәыргылазааит ахәаахәҭҩцәа (аусуҩцәа) рыҩныҵҟа хымԥада ахыхьчагатә хархәагақәа (амедицинатә сабрадақәа, анапҭарԥақәа) рхархәара.

  3) ауааԥсыра рзы амаҵзурақәа рымҩаԥгара аусхк аҟны: 

а) еиҭамҵуа ахәаахәҭратә обиектқәа, абылтәыҭаҭәарҭатә станциақәа, ааглыхратәи ауаажәларратәи хыбрақәа зтәу есымчыбжьа (мчыбжьык ахьтә знык еиҵамкәа) урҭ рыҩныҵҟеи ирыҵаркуа адгьылҵакырақәеи рыҟны ачымазара гәҽанҵаратә дезинфекциа мҩаԥыргалааит;   

б) аусурахь инашьҭымзааит ахыхьчагатә хархәагақәа (амедицинатә сабрадақәа) зхы иазмырхәо амаҵзура аусхк аусзуҩцәа.

  1. Аԥсны Аҳәынҭқарра Агәабзиарахьчара аминистр:

1)  2022 шықәса жәабранмза 01 аҟынӡа иазирхиааит иагьышьақәирӷәӷәааит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа ралхра амҩаԥгаразы аҳәынҭқарратә санитартә-гигиенатә нормақәеи аԥҟарақәеи;

2) ауааԥсыра адырра рыҭара иацҵахааит акоронавирустә ҿкы чымазара COVID-19 рацәыхьчаразы агәҽанҵаратә уснагӡатәқәа инарымаданы;

3) Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадеи Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаареи есҽны каороновирустә ҿкы чымазара COVID-19 аҟнытә алаҵа алаҵара алҵшәақәа рзы адырра рыҭалазааит;

4) азинмчызмоу аҳәынҭқарратә напхгарҭақәа русбарҭақәа алархәны аҵараиуратә еиҿкаарақәа, ауаажәларратә крыфарҭақәа рнаплакқәа (робиектқәа), егьырҭ даҽа санитартә-хылаԥшратә обиектқәак русура амониторинг азуразы иааиԥмырҟьаӡакәа еизаку аконтрольтә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥгазааит Аԥсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҟны ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара COVID-19 рылаҵәара аԥырҟәҟәаара иазкны ишьақәырӷәӷәоу асанитартә–епидемиологиатә нормақәеи аԥҟарақәеи рықәныҟәара агәаҭара хықәкыс иаҭаны. 

 

  1. Абжьгарақәа:

1) атәылауаа ауаажәларратә ҭыҧқәа рҿы хаҭалатәи ахыхьчагақәа (амедицинатә сабрадақәа) ныҟәыргалаааит, ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рахь иахьынӡауала имнеиааит;

2) аҳәынҭқарратә напхгарҭақәа ихадоуи аҭыԥантәии русбарҭақәа, аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәеи аиҿкаарақәеи рнапхгаҩцәа, икоммерциатәуи икоммерциатәыми аиҿкаарақәа рнапхгаҩцәа 60ш. ирҭысхьоу аусзуцәа рхы иақәиҭыртәааит акороновирусттә ҿкы чымазара аҟынтә авакцина ҟазымҵаз, иара убас зцәа зтәым аҳәса рџьатә маҵзурақәа рҟынтә рхы иақәиҭтәызааит (русура ԥырхага амоуа), руалафахәы еиқәырханы).

 

  1. Аҭакԥхықәра рыдзааит:

-аҭыԥантәи Администрациақәа Аԥсны Аҳәынҭқарра Агәабзиарахьчара Аминистрра  Аҳәынҭқарратә санитартә-епидемиологиатә маҵзура рылархәны – абри Адҵа апунктқәа 1-3 рынагӡаразы;

- Аԥсны Акультура Аминистрра Аԥсны Аҳәынҭқарра Агәабзиарахьчара Аминистрра Аҳәынҭқарратә санитартә-епидемиологиатә Маҵзура алархәны Аԥсны Акультура Аминистрра иаҵанакуа аиҿкаарақәа рганахьала абри Адҵа апункт 2 анагӡаразы;

– Аԥсны Аҳәынҭқарра Агәабзиарахьчара Аминистррра:  – абри Адҵа апункт 4 анагӡаразы.

  1. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра иара иаҵанакуа азҵаарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны абри Адҵа апункт 7 аҟны иарбоу аҭакзыԥхықәу аусбарҭақәа абри Адҵала ишьақәыргылоу аҭахрақәа рынагӡара иацхрааит.
  2. Амч ацәыӡит ҳәа иԥхьаӡазааит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада «Аԥсны Аҳәынҭқарра ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы COVID-19 рацәыхьчаразы ауснагӡатәқәа ирызку» 2021 шықәса нанҳәамза 13 аҟнытә Идҵа № 279-рп.
  3. Абри Адҵа ианаҵаҩха арыцхә инаркны азинмчы аиуеит.

 

 

 

 

 

 

Last modified on Аԥшьаша, 27 Ажьырныҳәа 2022 19:15