Аҟәа. Ажьырныҳәамза 30, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә ҿкы чымазара азы агәаҭара иахысит 808 -ҩык, COVID-19 азы адиагноз 428-ҩык рҿы ишьақәыргылоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы Аоперативтә Штаб.
Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы ишьҭоуп 67 – ҩык апациентцәа, 17 -ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, 51 -ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа бжьаратәуп.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа аҿы ишьҭоуп 41 -ҩык апациентцәа, 15-ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы – 11-ҩык, Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы – 27-ҩык, аӡәы игәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, Ҭҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы ишьҭоуп – 10 - ҩык апациентцәа.
Гәдоуҭатәи аковидттә хәышәтәырҭа аҿы рыԥсҭазаара иалҵит хҩык апациентцәа, 69 , 70 шықәа зхыҵуаз ахацәа, иара убас 68 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыс.
Акороновирусттә ҿкы чымазара зыхьыз ауаа рзеиԥш хыԥхьаӡара иахьазы 43194 - ҩык рҟынӡа инаӡоит. Урҭ рахьытә 36412 - ҩык ргәы бзиахахьеит, 594 -ҩык апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит.
Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы аоперативтә Штаб Аԥсны атәылауаа рахь ачымазара рылаҽра иацәызыхьчо ауснагӡатәқәа зегьы нарыгӡаларц азы ааԥхьара ҟанаҵоит.