Алеқсандр Анқәаб атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра Ареспубликатә хәышәтәырҭа Хада аҿы агәаҭара амҩаԥгареи уи алҵшәақәа рзы атәыла анапхгара ахь адырра аҟаҵареи рзы азԥхьанҵа ҟаиҵеит. «Атуберкулиозтә, апсихо-неврологиатә диспансерқәа рҿы ацрыҵмҩангагатә система иахьны иҟоу аҭгылазаашьа еилшәырга. Ари асистемақәа еилырбган, иахәҭоу ахылаԥшра ахьамамыз иахҟьаны уи аусура еиԥҟьеит. Шьаҭанкылатәи аиҭашьақәырыгыларазы Аусбарҭа шәадҵааланы еилышәкаа иҟаҵатәу, имҩаԥгатәу аусурақәеи уи иацу ахарџьқәеи ртәы», - ҳәа апрограмма «Аԥсны Аҳәынҭқарра ауааԥсыра атуберкулиозҿагыларатә цхыраара рыҭара аиӷьтәра» апрограмма далацәажәо аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делбеи агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи рахь ихы рханы иҳәеит атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб. Акадрқәа рыпроблема дазааҭгыло, аԥыза-министр Урыстәылатәи Афедерациа аҿы зыҩаӡара ҳараку аҵарадырра зауз амедикцәа рацәаҩны иҳамоуп ҳәа иазгәеиҭеит.
«Даҽа усуп – урҭ Аԥсныҟа ихынҳәо ихнымҳәо. Уи хра злоу агангьы амоуп, избан акәзар уаҟа, Урыстәылатәи амедусбарҭақәа рҿы русура иабзоураны урҭ хәызмаӡам аԥышәа роуеит. Аха иахәҭоу аԥышәа роуны урҭ Аԥсныҟа ихынҳәыртә еиԥш аҟаҵара шԥалыршатәу ҳәа азҵаара ықәгылоит. Ибзиоу аусуратә ҭыԥ рыҭатәуп, ҳамҭазтәи аппаратуреи иахәҭоу ауалфахәи рыла аиқәаршәара еиҿкаатәуп», - ҳәа иҳәеит иара.
Атәыла аԥыза-министр ари атема ала хазы аминистрцәа Реилазаара аилатәара мҩаԥгахоит ҳәа адырра ҟаиҵеит.
Алеқсандр Анқәаб «1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылтәи еибашьра аинвалидцәа рмедицинатә реабилитациа» апрограмма кыр аҵак ду аҵоуп ҳәа иазгәеиҭеит.
«Жәаҳәарада, уи иацҵахоит. Ҳара аинвалидцәа ас еиԥш иҟоу амедицинатә цхыраара рыҭара азы иаҭаху аԥаратә хархәагақәа ныҳхлоит. Уи ҳара иаҳуалԥшьоуп. Ари азҵаара ала ҳгәаанагара акуп», - ҳәа иҳәеит Алеқсандр Анқәаб.
«Арратә уалԥшьа анагӡара зыхәҭоу аҿар Аԥсны Арбџьармчқәа рҿы арратә маҵзура азы разыҟаҵара иадҳәалоу амедицинатә еиқәыршәара» апрограмма дазааҭгыло аԥыза-министр иарбоу ахырхарҭа ала иҟоу апроблемақәа азгәеиҭеит. «Иарбоу аусхкы аҿы апроблемақәа ыҟоуп. Агәабзиарахьчара Аминистрреи атәылахьчара Аминистрреи рыла арратә маҵзуразы ихәарҭам рыпроцент аиҵатәра азы иҟаҵатәу ауснагӡатәқәа ралкаара алыршатәуп», - ҳәа иҳәеит иара.
«Аԥсны Аҳәынҭқарра амедицинатә усбарҭақәа реиқәыршәара азы ахәшәқәеи амедицинатә маҭәарқәеи еизакны раахәара азы» апрограмма аҳәынҭқарратә биуџьет азы иартәоит 70 млн. мааҭ.
Ҳара ҳхықәкы хаданы иҟоуп – ашьҭаҵарҭақәа рҿы есымша ахәшәқәа рыҟазаара алыршара. Иаагозар, «Актемра» аганахьала иҟоу аҭагылазаашьа зеиԥшрои иахьа? Зегьы ирдыруеит аҵыхәтәантәи ҩымз ирылагӡаны ҳара акоронавирустә ҿкы чымазара злаҽыз ауаа рзы ихымԥадатәиу ари ахәшә ахьааҳхо ишааҳхәо атәы. Ҳара ауаа реиқәырхаразы уи хазхаҭалатәи ахаҿқәа рҿы иааҳхәар акәхеит», - ҳәа иҳәеит иара.