Иҟоу аҭагылазаашьа ииашаны еилышәкаап ҳәа агәыӷра ҳамоуп», - ҳәа иазгәаҭоуп иарбоу аҳәамҭа аҿы.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иӷәӷәаны илеиз асы иахҟьаны ажьырныҳәамза 31 рзы Риҵатәи амилаҭтә реликттә парк аҭааразы иархеит, ҳәа Instagram иҟоу апарк адаҟьа аҿы адырра ҟаҵоуп.
«Риҵатәи ареликт-милаҭтә парк иахьаҵанакуа иҭышәынтәалам аԥсабаратә ҭагылазаашьақәа ҟалар ахьалшо инамаданы ӷәӷәала асы леир алшоит. Аӡиа Риҵа ахь инеиуа амҩа уахи-ҽни иааиԥмырҟьаӡакәа арыцқьара шымҩаԥсуагьы асыԥса алеира азы ашәарҭара шыҟац иаанхоит. Шәхатә шәарҭадара аиқәырхара азы Риҵатәи амилаҭ-реликтә парк ажьырныҳәамза 31, 2022 шықәсанӡа аҭааразы иаркхоит.
Иҟоу аҭагылазаашьа ииашаны еилышәкаап ҳәа агәыӷра ҳамоуп», - ҳәа иазгәаҭоуп иарбоу аҳәамҭа аҿы.