Аҟыбаҩ злаз, интеллигентра зныԥшуаз, ахарахәыцра злаз, зус гәыкала, ламысцқьала иазнеиуаз, Аԥсны бзиа избоз, гәаартыла ауаа ирзыҟаз Шьазина Агрба, даҽаӡәы деиԥшымкәа лидеиақәеи лыгәҭакқәеи ргәыланахалара лылшон. Лара аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рырҿиара аларҵәара, аӡыргара иазырхаз хра злоу аусуреи Фазиль Искандери уи иҭаацәеи рганахьала гәыкала аҟазаареи, ҳара ҳзи адунеи зегьы ази хәызмаӡам аҭынха дуӡӡа аиқәырхара азы иналыгӡоз аусуреи рзы акыр пату лықәырҵон. Шьазина Агрба лыԥсадгьыл апатриот иашаны дыҟан, уи еснагь лгәы иҵхон аԥсуа жәлар ԥхьаҟатәи аԥеиԥш, уи акультура аҿиара.
Ҳара Шьазина Агрба лгәалашәара наунагӡа ҳгәаҵаҿы иаанхоит, уи лыуацәеи лҭахцәеи ргәырҩа рыцеиҩаҳшоит.
Лыԥсы ҭынчыз. Џьанаҭ гыларҭас илоуааит». ***
Анформациатә Маҵзура Аԥсныпресс изаамҭанымкәа зыԥсҭазаара иалҵыз ауаҩы лаша, иналукааша аҟыбаҩ ду злаз Шьазина Агрба лыуацәеи лҭахцәеи ирыдышшылоит.