Апарк иахьаҵанакуа +10 градус рҟынӡа аԥхаррахара хра злам ахҟьаԥҟьақәа цәырнагар алшоит: асыԥса алеира, аҭыԥқәак рҿы ахаҳәлеира, аҵаалеира, аҵлақәа рыҵыҩрра, уҳәа убас иҵегьы.
Риҵатәи апарк ажьырныҳәамза 31 раахыс иаркуп.
Аҟәа. Жәабранмза 2, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Риҵатәи амилаҭ-реликттә парк жәабранмза 2-3 рзы аҭааразы иаркхоит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Риҵатәи амилаҭ-реликттә парк Instagram аҿы адаҟьа.
Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы аӡиа Риҵа ааигәа-сигәа метрак еиҳаны асы шьҭалеит, ишьҭалаз асы азеиԥш ҩаӡара 2,5 метра рҟынӡа инаӡоит .