Аҟәа. Жәабранмза 3, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Анапхгареи Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамчи» атәыла афымцамч ала аиқәыршәара асистема аҟны аиԥҟьарақәа ҟамларц азы иахәҭоу аусмҩаԥгатәқәа зегьы нарыгӡоит. Абри атәы Егрытәи Аӡфымцатә Станциа адиректор хада Леван Мебониа ажурналистцәа ириҭаз аинтервиу инамаданы «Амшынеиқәафымцамч» иҟанаҵаз ахҳәаа аҿы иарбоуп.
Мышқәак раԥхьа амассатә информациа ахархәагақәа рыла ирыларҵәан Егрытәи Аӡфымцатә Станциа адиректор хада Леван Гулливер-иԥа Мебониа иҟаиҵаз аҳәамҭа. АРИ Аҳәамҭа аҿы уи Џьвартәи аӡеизакырҭа аҿы иҟоу аҭагылазаашьа дазааҭгылеит. Леван Мебониа аӡы аҩаӡара араҟа даара ишәарҭоу аҩаӡараҿы инеины иҟоуп, убри аҟнытә Егрытәи афымцастанциа аусура аԥкрақәа алагалахоит ҳәа иазгәеиҭеит.
«Аиашазы, афымцалашара ахархәара акыр ацлара инамаданы Џьвартәи аӡеизакырҭа аҿы аӡы аныхра еизҳаит, уи аҩаӡара ишәарҭоу арбага аҟынӡа илеит. Иазгәаҭатәуп, Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи иаауа афымцамч анаҩс, Аԥсны иара убас уи Егрытәи аӡфымцатә станциа аганахьалагьы иааиуеит. Егрытәи аӡфымцатә станциа уажәазы афымцалашарала еиқәнаршәоит Аԥсны мрагыларатә ахәҭа иаҵанакуа араионқәа», - ҳәа иазгәаҭоуп ахцәажәара аҿы.