Баграҭ Сурмава ԥхынгәымза 21, 2021 шықәса рзы Аҟәа ақалақь, Аԥсны Аҳәынҭқарра Анапхгаратә хыбрақәа Ркомплекс азааигәара аопозициатә мчқәа рыблок «Аԥсны жәлар-патриоттә Еидгылара» изакәанымкәа амитинг аиҿкаареи амҩаԥгареи раан амазара ақәхреи аимҵәареи ацны аҭыԥ змаз амассатә еилаҩынтәра аиҿкаареи алахәхареи, амчра ахаҭарнак мчымхарала изныҟәара инамаданы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 206 ахәҭа 2 иазԥхьагәанаҭо ацәгьоура аҿы ахара идҵоуп.
Баграҭ Сурмава ахара идӡам ҳәа дыԥхьаӡахоит, иду ахара аӡбарҭа азыӡбара азакәантә мчы аиуаанӡа.