Ажьырныҳәамза 2021 шықәса иаҿырԥшны, ажьырныҳәамза 2022 шықәсазы иҟаз аҳазылхратә шәатәқәа 22,0 млн. мааҭ рыла еиҳахеит. (ажьырныҳәамза 2021 азы – 111,7 млн. мааҭ).
Аҟәа. Жәабранмза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ажьырныҳәамза, 2022 шықәса рзы иалагалаз аҳазылхратә шәатәқәа рзеиԥш еицҵалыҵ 133,7 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит, уи ажьырныҳәамзазы ишьақәыргылаз аплантә рбагақәа раасҭа 31,5 млн. мааҭ рыла еиҳауп. Аплан 131% рыла инагӡоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҳазылхратә Еилакы аофициалтә саит.
Ажьырныҳәамза 2021 шықәса иаҿырԥшны, ажьырныҳәамза 2022 шықәсазы иҟаз аҳазылхратә шәатәқәа 22,0 млн. мааҭ рыла еиҳахеит. (ажьырныҳәамза 2021 азы – 111,7 млн. мааҭ).