«Аԥсны Аҳәынҭқарра аҿы Аԥснытәи аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара аганахьала белорусиатәи ахада иҟаиҵаз аҳәамҭа ибзианы ирдыркылеит. Минск аганахьала ас еиԥш ашьаҿа Ареспублика Белорусь Ахада А.Г. Лукашенко Белоруссиеи Урыстәылеи рыбжьара аиҩызаратә, асоиузтә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара иазырхоу акурс дшадгыло арҵабыргыр ауан.
Аԥсны иазхиоуп Аԥсны жәлар рыгәҭакқәеи рҭаххрақәеи рыцеиҩызшо, Урыстәыла аиҩызаратә ҳәынҭқаррақәа рыҿцәажәара. Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аиҩызаратәи асоиузтәи аизыҟазаашьақәа рырҿиарала Аԥсни Урыстәыла асоиузтә дгылара азҭо Ареспублика Белорусиеи аофициалтә еизыҟазаашьа рыбжьаҵара азы агәҭакқәа ыҟоуп. Урыстәылатәи Афедерациа астаратегиатә партниор, Урыстәылеи Белоруссиеи Асоиузтә ҳәынҭқарра алахәыла, Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызареи аколлективтә шәарҭадаразы аиқәшаҳәаҭра Аиҿкаареи активра злоу алахәылас иҟоу Ареспублика Белорусиеи Аԥсна Аҳәынҭқарреи рыбжьара аофициалтә контактқәа рыбжьаҵара азы агәҭакқәа ыҟоуп», - ҳәа иазгәаҭоуп Аԥсны адәныҟаполитикатә Хылаԥшырҭа иҟанаҵаз акомментари аҟны.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы ажәлар рзинеиҟарареи рхаланапхгарареи апринцип уахь иналаҵаны, шьаҭанкылатәи жәларбжьара-зинтә принципқәа иадгыло Ареспублика Белорусь астратегиатә партниор Урыстәылатәи Афедерациа иаҿыԥшны Аԥсны жәлар иалнахыз зхы иақәиҭу ихьыԥшым аҳәынҭқарра ашьақәгылара акурс адгылара анаҭап ҳәа агәыӷра аадырԥшуеит.