Аҟәа. ЖӘабранмза 7, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә ҿкы чымазара азы агәаҭара иахысит 793-ҩык. COVID-19 азы адиагноз 483-ҩык рҿы ишьақәыргылоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы Аоперативтә Штаб.
Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы ишьҭоуп 71 – ҩык апациентцәа, 20 -ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, 51 -ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа бжьаратәуп.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа аҿы ишьҭоуп 43-ҩык апациентцәа, 15-ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы – 12-ҩык, Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы – 30, 2-ҩык, ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, Ҭҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы ишьҭоуп – 5 - ҩык апациентцәа, Ареспубликатә иҷыдоу апсихиатриатә хәышәтәырҭа аҿы 20-ҩык апациентцәа шьҭоуп.
Ҩымш рыла Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа Хада аҿы рыԥсҭазаара иалҵит 72, 86, 57 шықәса зхыҵуаз хҩык ахацәа.
Акороновирусттә ҿкы чымазара зыхьыз ауаа рзеиԥш хыԥхьаӡара иахьазы 46851 -ҩык рҟынӡа инаӡоит. Урҭ рахьытә 38509 - ҩык ргәы бзиахахьеит, 605-ҩык апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит.
Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы аоперативтә Штаб Аԥсны атәылауаа рахь ачымазара рылаҽра иацәызыхьчо ауснагӡатәқәа зегьы нарыгӡаларц азы ааԥхьара ҟанаҵоит.