Поиск по слову

Календарь

« Абҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30  

КРЕМЛЬ АԤСНИ ААХЫҴ УАԤСТӘЫЛЕИ РХЬЫԤШЫМРА АЗХАҴАРА АЗЫ ЛУКАШЕНКО ИАХЬ АЖӘАЛАГАЛАҚӘА РДӘЫҚӘҴАРА АЗԤХЬАГӘАНАҬАӠОМ.

Аҩаша, 08 Жәабран 2022 13:47 218

Аҟәа.   Жәабранмза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Кремль Белоруссиа Ахада Алеқсандр Лукашенко иахь Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхаҵареи Ҟрым урыстәылатәи арегион аҳасабала азхаҵареи рзы ажәалагалақәа рдәықәҵара азԥхьагәанаҭаӡом.   Абри азы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада ипрес-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков иҟаиҵаз аҳәамҭа ахь азхьарԥш ҟаҵо иаанацҳауеит аинформациатә Маҵзура ТАСС.

«Ҳара ишеилаҳкаауа ала, ҳара ҳадгылаҩ, ҳпартниор иахәҭоуп ҳәа иԥхьаӡаны, хатәгәаԥхарала, хазхаҭала ас еиԥш аӡбамҭа аднакылар ҟалоит», - ҳәа иҳәеит Кремль ахаҭарнак. Уи ишазгәеиҭаз ала, белоруссиатәи ахада Ҟрым, Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла  астатус аганахьала иҟоу аҭагылазаашьа зеиӷьаҟам ала идыруеит. «Даҽакала иназыцҵоу ардырра хымԥадатәны иҟам ҳәа ҳгәы иаанагоит»», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Дмитри Песков.

Last modified on Ахаша, 09 Жәабран 2022 20:12