Поиск по слову

Календарь

« Абҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30  

АОПЕРАТИВТӘ ШТАБ: 541 - ҨЫК АЛАБОРАТОРИАТӘ ГӘАҬАРА ИАХЫСИТ, УРҬ РАХЬЫНТӘ 381 – ҨЫК РҾЫ COVID-19 АЗЫ АДИАГНОЗ ШЬАҚӘЫРӶӘӶӘОУП.

Ахаша, 09 Жәабран 2022 22:50 252

Аҟәа. ЖӘабранмза 9 , 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә ҿкы чымазара азы агәаҭара иахысит 541 -ҩык. COVID-19 азы адиагноз  381 -ҩык рҿы  ишьақәыргылоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы Аоперативтә Штаб.

Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа Хада  аҿы ишьҭоуп  75   – ҩык апациентцәа, 12-ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, 63  -ҩык апациентцәа рҭагылазаашьа бжьаратәуп.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа аҿы ишьҭоуп 43-ҩык апациентцәа, 17-ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, Очамчыратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы – 11-ҩык, Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы –26, - ҩык, 3-ҩык ргәабзиара аҭагылазаашьа акыр иуадаҩуп, Ҭҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы ишьҭоуп – 7  - ҩык апациентцәа, Ареспубликатә иҷыдоу апсихиатриатә хәышәтәырҭа аҿы  15 -ҩык апациентцәа шьҭоуп.

Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа аҿы иԥсҭазаара далҵит 87 –шықәса зхыҵуаз апациент.

Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа аҿы лыԥсҭазаара далҵит 67 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыс.

Акороновирусттә ҿкы чымазара зыхьыз ауаа рзеиԥш хыԥхьаӡара иахьазы  47586  -ҩык рҟынӡа инаӡоит. Урҭ рахьытә 39206  - ҩык ргәы бзиахахьеит, 609- ҩык апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит.  

Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы чымазара рацәыхьчара азы аоперативтә Штаб Аԥсны атәылауаа рахь ачымазара рылаҽра иацәызыхьчо ауснагӡатәқәа зегьы нарыгӡаларц азы ааԥхьара ҟанаҵоит.

 

 

Last modified on Аԥшьаша, 10 Жәабран 2022 12:54