Акоронавирустә ҿкы чымазара COVID-19 аҟынтәи алаҵа аҳҭнықалақь аҟны иҟоуҵар алшоит Аҟәатәи ақалақьтә клиникатә хәышәтәырҭа, иара убас Ареспубликатә хәышәтәырҭа Хадақәа ирыҵанакуа апунктқәа зегьы рҿы.
Аҟәа. Жәабранмза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра акоронавирустә ҿкы чымазара аҟынтәи алаҵа «Спутник Лаит» апртиа ҿыц аанахәеит.
Авакцина иарбоу Ахылаԥшырҭа ашьҭаҵарҭаҿы инагоуп, ҳәа адырра ҟаиҵеит атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.
«Ҳара «Спутник Лайт» х-нызықь инарзынаԥшуа адозақәа ааҳхәеит. Уаҵәы инаркны уи авакцинациа апунктқәа зегьы рахь еихшахоит. Зегьы раԥхьа «Спутник Лайт» аревакцинациа иазоужьхоит», - ҳәа иазгәеиҭеит Едуард Быҭәба.
Акоронавирустә ҿкы чымазара COVID-19 аҟынтәи алаҵа аҳҭнықалақь аҟны иҟоуҵар алшоит Аҟәатәи ақалақьтә клиникатә хәышәтәырҭа, иара убас Ареспубликатә хәышәтәырҭа Хадақәа ирыҵанакуа апунктқәа зегьы рҿы.