Поиск по слову

Календарь

« Абҵара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
        1 2 3
4 5 6 7 8 9 10
11 12 13 14 15 16 17
18 19 20 21 22 23 24
25 26 27 28 29 30  

ҬЕМЫР ЏЬЫНЏЬОЛИА: 1200 РҞЫНӠА АФЫМЦАМЧ АХАРХӘАРА АԤХЬАӠАРАТӘ ПРИБОРҚӘА ААХӘОУП, УРҬ РАХЬЫНТӘ 250 ШЬЫҚӘЫРГЫЛОУП.

Аԥшьаша, 10 Жәабран 2022 15:03 229

Аҟәа. Жәабранмза 10, 2021 шықәса. Аԥсныпресс. Хылаԥшрада изакәанымкәа афымцамч ахархәара аҿагылара аҿы ицхыраагӡа бзиахоит афымцамч ахархәара аԥхьаӡаратә система. Абри атәы аӡынтәи аамҭахәҭа азы Аԥсны ишьақәгылаз афымцамч ала аиқәыршәара апроблемақәа ирызкны имҩаԥысыз апресс-конференциа аҿы иҳәеит  Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» аҿга «Аҟәатәи Афымцамтә Станциа» («СУЭС»)  адиректор Ҭемыр Џьынџьолиа.

«Априборқәа ҩнаҭацыԥхьаӡа ианышьақәыргылахалак ашьҭахьҵәҟьа абонентқәа зегьы рхы иадырхәо афымцамч алимит ашьақәыргылара мҩаԥысуеит. Ҳара лабҿаба ахархәара зеиԥшроу, уи ахьынӡанаӡо аабаратәы алшара ҳауеит, апрограмма ахала  амцәхә ақәзаара ааннакылалоит. Усҟан ауп ҳара акахьы ҳанкылсо. Аҳәара цәгьоуп ҭӡы цыԥхьаӡа анеиреи амаининг аҟазаара азы агәаҭарақәа рымҩаԥгареи шаҟа аџьабаа ацыз атәы. Аха  алҵшәа ҳшазыԥшыз еиԥш иҟамлаӡеит», - ҳәа иҳәеит иара.

«Амшынеиқәафымцамч» аоператив-техникатә усбарҭа адиректор Руслан  Кәарҷиа иажәақәа рыла, 80 мВт акриптовалиута изакәанымкәа арҳара иагоит. Абри амчхара ауп иахьа Аԥсны идефицитны иҟоу.

Руслан Кәарҷиа иажәақәа рыла, 2013 шықәсазы Аҟәа, Гәдоуҭа ақалақьқәеи Гәылрыԥшь араиони рҿы афымцамч ахархәара аԥхьаӡаратә приборқәа рышьақәыргылара иалагахьан.  Усҟантәи аамҭазы ари асистема ахьалагалаз аҭыԥқәа рҿы ақәыӷәӷәарақәа акыр еиҵахеит.

Уажәы усҟан ишьақәыргылаз априборқәа реиҵарак ауп аус зуа, избанзар урҭ иахәҭоу аныҟәгареи аексплуатациеи амодернизациеи аҭахын.  

Ҭемыр Џьынџьолиа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, аҳҭнықалақьтә усбарҭа «Энергосбыт» амчқәа рыла Аҳабла Ҿыц аҿы, иара убас Аргәын имҩа ала игылоу аҩнеихагылақәа рҿы ишьақәыргылан афымцамч ахархәара аԥхьаӡаратә приборқәа.  22-жә-еихагылакны иҟоу аҩнқәа рҿы аревизиа мҩаԥгоуп, априборқәа еиҭашьақәыргылоуп. Уажәы «Колос» араион иахьаҵанакуа иарбоу априборқәа рышьақәыргылара мҩаԥысуеит.

«Иахьа иаахәоуп 1200 цыра инарзынаԥшуа ҩ-каналкны иҟоуп аԥхьаӡаратә приборқәа, урҭ рахьынтә 250 прибор шьақәыргылоуп. Априборқәа зегьы анышьақәыргылахалак, ҳара изеиԥшразаалак  ахархәара ахылаԥшра ҳауеит. Убри аан ахархәаҩцәа дистанциала раҿыхра азы алшара ҟалоит. Апрограмма автоматла абонентцәа инырхыз афымцамч ахәԥса азы адырранҵақәа еиқәнаршәалоит.  Абонент аԥара ашәара азы аамҭа изоужьхоит, анаҩс уи иҩны  афымцадатәра мҩаԥгахоит», - ҳәа иҳәеит Ҭемыр Џьынџьал.  

Арҭ аусурақәа «Амшынеиқәа» ахарџь ала имҩаԥысуеит, иарбоу аппаратқәа ҭзыжьуа азауади Ареспубликатә унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамчи» аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.

Аинвестициатә Программа аҳәаақәа ирҭагӡаны ареспублика зегьы иахьаҵнакуа афымцамч ахархәара аԥхьаӡаратә приборқәа рышьақәыргылара азы аусурақәа мҩаԥгахоит.

Last modified on Аԥшьаша, 10 Жәабран 2022 18:28