Аҟәа. Жабранмза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 10, асааҭ 20:00 рзы Алхратә Комиссиа Хада аҿы Жәлар Реизара-Апарламент адепутатрахь акандидатцәа рықәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥқәеи аполитикатә партиақәеи рышәҟәҭагалареи, иара убас адепутатрахь акандидатцәа рықәыргылареи хыркәшахоит.
Акандидатцәа рышәҟәҭагалара алагоит алхрақәа рымҩаԥгара 30 мшы шыбжьоу, ихыркәшахоит алхрақәа рымҩаԥгараанӡа 10-мыш шыбжьоу.
Алхратә Комиссиа Хада адыррақәа рыла, зынӡа ажьырныҳәамза 21 инаркны жәабранмза 10 аҟынӡа ашәҟәы иҭагалахеит 118 аԥшьгаратә гәыԥқәеи хә-политикатә партиаки.
(Жәлар рпартиеи «Аиашареи аҿиареи рзы Жәлар рыфронт», Аԥсны аекономикатә ҿиара Апартиа, «Амцахара», «Аԥсны»).
Зегьы реиҳа аԥшьгаратә гәыԥқәа ашәҟәы иҭагалахеит Аҟәа ақалақь алхырҭатә ҭыԥхада №7 ала. Урҭ рхыԥхьаӡара -жәба аҟынӡа инаӡоит.
Алхратә ҭыԥхадақәа : №5, №10 рҿы кандидатк кандидатк ықәгылоуп. Аҭыԥхадақәа бжьба рҿы-ҩыџьа-ҩыџьа акандидатцәа ықәгылоуп. Алхратә ҭыԥхадақәа жәба рҿы – хҩы-хҩы акандидатцәа. Алхырҭатә ҭыԥхадақәа ааба рҿы – ԥшьҩы-ԥшьҩы. Алхратә ҭыԥхадақәа ԥшьба рҿы – хәҩы-хәҩы. Алхратә ҭыԥхадақәа ҩба рҿы – фҩы-фҩы. Алхратә ҭыԥхадак аҿы – еицықәгылоуп быжьҩык акандидатцәа, даҽа алхратә ҭыԥхадак аҿы – ааҩык акандидатцәа еицықәгылоуп.
Акандидатцәас иқәгылоу рыбжьара – 17-ҩык уажәы иҟоу (2017 – 2022 шш. ааԥхьара) Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа роуп.
Апарламенттә алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп хәажәкырамза 12, 2022 шықәса рзы.